Ахьиба еиҭеиҳәеит Ауадҳара аӡын аамҭазгьы аартра шрыгәҭаку
"Аҿаҵақәа ирылагоит лаҵара 15 инаркны, аха иара уажәгьы иҳаҳауеит ауаа аарц шырҭаху атәы. Аҽазыҟаҵарақәа ҳарҿуп, ҳҽеиҵаҳхыр ҳҭахуп, аплан иаҳарбеит иҳагу иҳабзоу, аӡын аамҭазы акурорт аус аҳарурц шаҳҭаху. Ари ашықәс азы раԥхьаӡа акәны аӡынгьы аус ҳурц ҳагәҭакуп. Урыстәылантәи ауаа иҳазҵаауа ыҟоуп, асы рацәаны ишьҭалоит, ара иаангылартә еиԥш иҟаҵатәуп. Ҳәарада, аӡын апансионат ааҳартырцаз аџьабаа даара ибатәуп, атехника ҳҭаххоит. Сынтәа атехника аахәареи аҩнқәа рыргылареи ҳгәы иҭоуп. Аԥхьа ауаа ҳарԥыланы арахь техникала ихаҳгало ала ашьапы аҳаркырц ҳгәы иҭоуп. Аҳәынҭқарра ҳавагылар, иҳацныҟәар, ҳгәы иҭоу рацәоуп", - еиҭеиҳәеит Ахьиба.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ҭраԥшьԥҳа аԥсшьаҩцәа рыдкылашьазы: аԥсуаа ачеиџьыка змоу уааҵәҟьоуп рҳәо иҟалар сҭахуп