Аҭыԥҭацәқәеи анаркьаҿқәеи релектронтә база аусура иалагеит Аԥсны

CC0 / / Человек за работой у компьютера
Человек за работой у компьютера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.04.2021
Анапаҵаҩра
Аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшааразы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра иадҵаало реиҳараҩык Аҟәа инхо роуп.

АҞӘА, мшаԥы 17 - Sputnik. Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи аусуразы еиқәнаршәеит аҭыԥҭацәқәеи анаркьаҿқәеи релектронтә база, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз аусбарҭа аџьеи аусурамазаареи аҟәша аиҳабы Илона Гәымԥҳа.

Здание парламента РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.02.2020
Анхарҭа, аусурҭа, амедицинатә цхыраара: адемографиатә закәан апроект иахәаԥшит

Аусурҭа ҭыԥ иашьҭои, аусурҭаҭаҩи рырзаҳалқәа аанрыжьыр ҟалоит ausura.su. асаит аҟны.

"Аҭыԥҭацәқәеи анаркьаҿқәеи релектронтә база раԥхьатәиуп Аԥсны. Агәыӷра сымоуп асаит аусура ианалага ашьҭахь аҭагылазаашьа аҽеиҭанакып ҳәа. Асаит иахьӡуп "ausura.su", изҭаху зегьы хәыда-ԥсада рхы иадырхәыр рылшоит. Аусурҭа ҭыԥ иашьҭои, аусзуҩцәа зҭахуи рырзаҳалқәа аанрыжьыр ҟалоит. Анкетақәа ииашаны ахарҭәаашьа ззымдыруа рзы аҿырԥштәқәа ҭагалоуп. Иара убас иҭагалоуп аусурҭаҭаҩцәа рзы иҷыдоу анаркьаҿқәа", - лҳәеит Илона Гәымԥҳа.

Гәымԥҳа иазгәалҭеит, аминистрра аелектронтә ҭыӡҭыԥ ахь инарышьҭуа арзаҳалқәа, аусбарҭа аусзуҩцәа иагу-иабзоу гәаҭаны, аус адуланы, анаҩс асаит ахь иҭаргалоит ҳәа.

"Анкетақәа реиҳарак аусурҭа ҭыԥқәа ирышьҭоу рҟынтә ауп. Аҭыԥҭацәқәа рзы арзаҳалқәа маҷуп, уи азы ари асаит цхыраагӡахоит", - лҳәеит лара.

Аџьатә кодекс 151 ахәҭаҷ аҩбатәи ахәҭа инақәыршәаны аусурҭаҭаҩ аусурҭа ҭыԥ шыҟоу азы аинформациа наишьҭроуп аминистррахь. Аџьеи аусурамазаареи аусбарҭа аҟәша аиҳабы лажәақәа рыла, азакәан апроект аус адырулоит, ари ахәҭаҷ еилазгаз рзы административтә хьырхәра азгәаҭазарц.

Бадраҟ Аҩӡба - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2019
Арадио
Аҩӡба еиҭеиҳәеит Аԥсны аҵара шуҵо аусурҭа уԥшаар ахьулшо азанааҭқәа ртәы

Гәымԥҳа иазгәалҭеит, асаит аус шадырулаз "Аԥсны аиҳабыра реимадаразы амаҵзура" аусзуҩцәа, аминистрра аҿаҵала.

Лара илымоу адыррақәа рыла, Аусурҭа ҭыԥқәа рыԥшааразы Аԥсны асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистрра иадҵаало реиҳараҩык Аҟәа инхо роуп.

"Реиҳараҩык аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа роуп. 2020 шықәсазы аусураҭа ҭыԥ иашьҭоу рҟынтә ҳусбарҭахь иаашьҭын 65 арзаҳал. Аусурҭа ҭыԥ иашьҭои, иҟоу аҭыԥҭацәқәеи процентла еиҿурԥшуазар зынӡа имаҷуп", - лҳәеит лара.

Аусбарҭа аџьеи аусурамазаареи аҟәша аусзуҩцәа хаҭала ирыдҵаало аусурҭа ҭыԥқәа рыла реиқәыршәара рҽазыршәуеит, лҳәеит лара. Гәымԥҳа лажәақәа рыла иҳаҩсыз амзазы ирылшеит хҩык аусурҭа ҭыԥла реиқәыршәара.

Ажәабжьқәа зегьы
0