00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
13:34
12 мин
13:59
0 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. В чем главная тайна Достоевского?
14:04
23 мин
Исторический ликбез
Егор Яковлев. Как Достоевский создавал психологию 5D
14:33
24 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Илиа Ачба

© SputnikИлья Ачба
Илья Ачба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2021
Анапаҵаҩра
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Илиа Ачба 3-тәи Украинатәи афронт далахәны Румыниа, Болгариа, Чехословакиа, Иугославиа, Венгриа рхы иақәиҭитәуан.

АҞӘА, мшаԥы 18 - Sputnik. Шәышықәса дшырҭагылаз иԥсҭазаара далҵит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран Илиа Ачба, абри атәы Spunik иазааицҳаит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аџьеи аруааи рветеранцәа рхеилак ахантәаҩы, аинрал-маиор Закан Нанба.

"Иара дыруаӡәкын хамеигӡарыла, гәымшәарыла зыԥсадгьыл зыхьчоз, изныкымкәа ахәрақәа шиоухьазгьы, афронт ахь деиҭагьежьон", - иҳәеит Нанба.

Мызқәак раԥхьа Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеран 99 шықәса ихыҵит. Sputnik Аԥсны уаанӡа иаиҭахьаз иинтервиуқәа руак аҟны ииҳәахьан - шәышықәса днеины Аиааира Ду даԥылар шиҭаху.

Мышқәак раԥхьа Илиа Ачба игәабзиара дахашшаауа далагеит, иҳәеит Нанба, Аԥсныҟа иаразнак дааит иԥа, иара дынхоит Санкт-Петербург, дҳақьымуп.

"Иара ареанимациа дҭашәеит. Иахьа ашьыжь Илиа Наҳарбеи-иԥа иԥсҭазаара далҵит. Гәалсра дууп", - иҳәеит Закан Нанба.

Илиа Ачба иеибашьратә мҩа

233-тәи ахысратә дивизиа иатәыз 57-тәи аполк далахәны Румыниа, Болгариа, Чехословакиа, Иугославиа, Венгриа рхы иақәиҭитәуан. Хынтә ахәрақәа иоухьан.

Sputnik апроект Аиааира ахаҿқәа алахәылацәа аорден Ахьӡ-аԥша ранашьоуп - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2017
Sputnik апроект "Аиааира ахаҿқәа" алахәылацәа аорден "Ахьӡ-аԥша" ранашьоуп

1944 шықәса рзы 572-тәи аполк аибашьцәа аӡиас Дунаи армаратәи аҿықә иаваршәны ахырӷәӷәарҭақәа ааныркылеит. Ари аҭыҧ аҿы ауп Илиа Ачба иуникалтәу арратә аоперациа иҽалаирхәыртә еиҧш алшара ахьиоуз. Иара дызлаз аибашьцәа гәыҧҩык адҵа рыҭан абаржақәа рыла, аӷацәа рганахь аимадара алзыршоз асистема аиагара. Уи алшара ҟанаҵон аӷацәа ртәарҭақәеи, рхыԥхьаӡареи аилкаара. Имҩаԥгаз аоперациа иабзоураны аибашьцәа ирылшеит аӷацәа ааха ӷәӷәақәа рыҭара. Венгриатәи ақалақь Пешт аҭарцәраан инапы ахы ақәшәеит. 

Илиа Ачба аҩныҟа дгьыжьуеит иԥсы ҭаны, аинвалидра аҩбатәи агәыԥ иманы. Аиааира амш даԥылеит инапы агиԥс аманы, алабақәа иҽрынҵаны.

Илиа Ачба ианашьоуп Аџьынџьтәылатә еибашьра аорден I, II аҩаӡарақәа, Аеҵәа Ҟаԥшь аорден,  "Агәымшәараз" амедал.

Ажәабжьқәа зегьы
0