АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Аԥснытәи аномерқәа змоу автомашьынақәа рыԥшәмацәа амитинг еиҭеиҿыркааит Бишкек ацентр аҿы. Дара адҵа ҟарҵоит Кырӷызсҭан ахада Садыр Жапаров дрыҿцәажәарц ҳәа аанацҳауеит Sputnik Кырӷызсҭан.
Хәажәкырамзазы Кырӷызсҭан аҳазалхратә маҵзура аԥснытәи аномерқәа змоу амашьынақәа ааныркылон ареидқәа раан, арҭ амашьынақәа уахь инаган ЕАЕС аҵакыраҿы атранспорттә хархәагақәа рыла аамҭала аныҟәараз аԥҟара еилаганы, аекономикатә еидгыла аҳазалхратә закәанԥҵара иқәымныҟәакәа ҳәа. Амашьынақәа ахараԥсатә ҭыԥ аҿы идыргылон.
Арҭ амашьынақәа зтәыз ауааԥсыра атәыла ахада Садыр Жапаров иахь ааԥхьара ҟарҵеит Кырӷызсҭан иаларгалахьоу амашьынақәа азакәаншьаҭа рыҭатәуп ҳәа.
Дара ирҳәеит азакәан шырзымдыруаз, иаазхәаз рыбжьара ишыҟоу амашьынақәа кредитла иаазхәаз, атаксиныҟәцаҩцәа рыҳасабала зҭаацәа акрырҿазҵо.
Кырӷызсҭан ареидқәа мҩаԥыргоит закәаншьаҭада атәылахь иалагаланы ахархәара зырҭо амашьынақәа раарԥшразы. Урҭ нас ахараԥсатә ргыларҭаҿы идыргылоит.
Евразиатәи аекономикатә хеидкыла аҳәаақәа ирхыганы ахԥатәи атәылақәа рҟынтәи автомашьына аҭагалараан адеклорациа харҭәаатәуп. Аԥснытәи амашьынақәа ари аҳәаа рахыгараан еилагоуп Евразиатәи аекономикатә хеидкыла аҳазалхратә закәанеидкыла ахәҭаҷқәа 264, 275. Абри азгәарҭоит Кырӷызсҭан аҳазалхратә еилакы аҿы. Убри аан аҳәаанырцәуаҩ ЕАЕС аҵакырахь амашьына алеигалозар, аҭира ма ахԥатәи ахаҿы иҭара азин имам.
Аԥснытәи амашьынақәа документла хымш-ԥшьымш ҳәа атәыла иаларгалон. Нас гәраргагала Кырӷызсҭан ауааԥсыра ираадырхәон.