Британиа Ду Амшын еиқәахь аӷбақәа ҩба нанашьҭуеит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Лондон
Города мира. Лондон - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Амшын еиқәахь рыӷбақәа рынашьҭра агәҭакын ЕАА. Аесминецқәа Roosevelt, Donald Cook уахь инеираны иҟан мшаԥы 14-15 инаркны лаҵара 4-5 рҟынӡа.

АҞӘА, мшаԥы 19 - Sputnik. Британиа Ду Амшын еиқәахь аибашьыга ӷбақәа ҩба нанашьҭуеит лаҵарамзазы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аҭыжьымҭа Times адыррақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

Абри азы Адгьылбжьахатә мшын аҿы игылоу акралтә флот аҟынтәи иалххоит аескадратә минамҩангагеи аӷбаҿагыларатә фрегати. Егьи аӷба, авианосец HMS "Королева Елизавета", Амшын еиқәахь аҭалара азин змам, урыстәылатәи аӷбақәа рҟынтәи шәарҭак ҟалар ацхырааразы ихианы иҟоуп. Ихиоуп иара убасгьы аҳаирплан-жәылаҩ F-35, авертолиотқәа Merlin.

Times адыррала, Лондон Украина асуверенитети аҵакыратә акзаареи ирыдгылоит. Асеиԥш аӡбара рыдкылан ЕАА Амшын еиқәахь аӷбақәа рынашьҭра мап анацәнакы ашьҭахь.

Уаанӡа Урыстәыла аӡбара аднакылеит жьҭаара 31 аҟынӡа аҳәаанырцә-ӷбақәа рзы Амшын еиқәа акваториақәак раркра.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0