Озган ажәадгала ҟалҵеит апассаџьырцәа рымҩангара ахылаԥшра Аԥсны ААР адыԥхьалазарц

© Sputnik / Томас ТхайцукОбщественный транспорт в городе Гудаута
Общественный транспорт в городе Гудаута - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.04.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсатәи аԥхынтә туристтә сезон аангьы автотранспорттә хархәагақәа рныҟәара 2009 шықәсазы ишыҟаз аиԥш еиҭамккәа иҟоуп.

АҞӘА, мшаԥы 22- Sputnik. Атуристтә сезон аламҭалаз аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган ажәадгала ҟалҵеит апассаџьырцәа рымҩангара аихшанҵеи аԥҟарақәеи рхылаԥшра Аԥсны ААР адыԥхьалазарц. Абри атәы аанацҳауеит Аекономика аминистрра асаит.

Камеры фиксации нарушений правил дорожного движения - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2021
Аԥсны ААР аусура иалагеит амҩатә ԥҟарақәа реилагара азгәаҭаразы аҳәынҭпроект

Аминистри араионтә автотранспорттә наплакқәа рнапхгаҩцәеи реиԥылараан ирылацәажәан автотранспорт аныҟәара аихшанҵа, иара ареспубликаҿы иҟоу АТПқәа ринтерес ишақәшәо, акурорттә сезон аан апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара ацлара азыԥхьагәаҭаны аиҭакра алыршара уҳәа азҵаарақәа.

Аилацәажәара иалахәыз зегьы иазгәарҭеит 2009 шықәсазы ишьақәыргылаз аграфик шыманшәалоу иара ишықәныҟәалатәу. Уадаҩраны иҟоу апрактикаҿы иара ианацәхьаҵуоуп.

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ илҳәеит "АТП мацарак атрасса аҭара иашам, зегь ринтересқәа азыԥхьагәаҭазароуп" ҳәа.

"Ауаа рныҟәгара азин змам ари аусхк рнапы аларкыр ҟалом, аусурагьы азин рымам абри аганахь ала", - лҳәеит лара.

АТПқәа рнапхгаҩцәа рнапы ианҵан апассаџьырцәа ршәарҭадареи рырманшәалареи азхьаԥшра ӷәӷәа арҭаларц.

"Ауаа ныҟәызго зегь рыла еиқәшәазароуп: амҩатә бӷьыц, амедицинатә шәҟәы, атехникатә гәаҭара акт, алицензиа", - лҳәеит Озган.

Аекономика аминистр АТПқәа рнапхгаҩцәа ргәы рҽанылҵеит хара имгакәа Ԥсоу иҟоу автоаангыларҭа аҭагылазаашьа агәаҭара лгәы ишҭо азы.

"Атәыла иаҭаауа асасцәа ари раԥхьа ирбо ҭыԥуп. Уа зегьы еиқәышәшәа иҟазароуп", - азгәалҭеит лара.

Озган атранспорт усзуҩцәа иралҳәеит атранспорттә хархәагақәа ргыларҭақәа ирхылаԥшырц, изықәныҟәо асхемеи иҟаҵәҟьои еиҿдырԥшырц.

Ажәабжьқәа зегьы
0