АҞӘА, мшаԥы 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. ЕгрыГЕС аҿы аремонттә усурақәа хыркәшоуп ҳәа Sputnik адырра аиҭеит ЕгрыГЕС анапхгара ахантәаҩы Леван Мебониа.
Иара иажәақща рыла, уажәы атоннель ӡыла арҭәра иаҿуп. Уи ҩымшҟа иадхалоит. Абри ашьҭахь астанциа аусура еиҭахацнаркуеит.
Уаанӡа Мебониа аҳәамҭа ҟаиҵахьан мшаԥы 30 лаҵара 1 руха астанциа афымцалашара аушьҭра иалагоит ҳәа.
ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аремонт азуразы аусура аанкылан ажьырныҳәа 20 рзы, аремонт азура иалагеит амҽыша ашьыжь инаркны ажьырныҳәа 24 рзы.
Аԥхьанатә атоннель аремонт иалагараны иҟан 2021 шықәса жәабранмза агәазы. Ихыркәшахар акәын лаҵарамзазы.
ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҵыхәтәантәи аремонт мҩаԥган 2006 шықәса рзы. Ашәарҭадара атехника ишаҳәо ала ес-хәышықәса аҭагылазаашьа иашьклаԥшлатәуп. Уажәы аӡы ахьацәцо азы 250 миллион киловатт сааҭ ыӡуеит. Ари Аԥсны шықәсык ала ахы ианархәо афымцалашараҟынтә 10% артәоит.
ЕгрыГЕС анапхгара аремонт ашьҭахь аӡцара 40-50% рҟынӡа аанкылахоит ҳәа иахәаԥшуеит, уи шықәсык ахь 100 миллион киловатт-сааҭ артәоит.
Аусурақәа ирықәхарџьхоит 45 миллион евро. Аиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит ақырҭуа ргыларатә еилахәыра, анемец ҟазауаа рыпроект ала. Аԥарашәара мҩаԥнагоит Европатәи арҿиара абанк (EBRD).
ЕгрыГЕС заҵәык Ауп Аԥсны аҵакыра зегьы фымцалашарала еиқәзыршәо. Иара ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Агидроагрегатқәа Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла. Астанциа ашықәсбжьаратә фымцамч аужьра х-миллиардки 700 миллион киловатт ыҟоуп сааҭк ала.