Украинатәи ашпион дҭаркит С-300 ахәҭақәа раахәара иаҽахьазишәоз азы

© Sputnik / Павел Лисицын / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения ФСБ России на ж/д объекте в Свердловской области
Учения ФСБ России на ж/д объекте в Свердловской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.04.2021
Анапаҵаҩра
Украина адәныҟатә ԥшыхәра амаҵзура абри аус азы иазоунажьыз аԥарақәа аҳәынҭқарра иахатәтәуп.

АҞӘА, мшаԥы 26 - Sputnik. Краснодартәи атәылаҿацәтә ӡбарҭа Украина атәылауаҩ Александр Марченко арежим ӷәӷәа аколониаҿы жәашықәса ихигаразы аӡбымҭа аднакылеит. Абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла АШәМ апресс-маҵзура.

ФСБ РФ пресекла деятельность группы граждан по финансированию террористов - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.04.2021
Урыстәыла АШәМ аоперативтә усзуҩцәа абџьарҟаҵарҭа маӡақәа 55 аадырԥшит

Украинатәи ашпион 163 000 доллар ҳәа азенит-ракетатә комплексқәа С-300 ахәҭақәа раахәара иҽазишәон.

Урыстәыла АШәМ адыррала, Марченко 2018 шықәса лаҵарамзазы Украина адәныҟатә ԥшыхәра амаҵзура аусзуҩ Пиотр Хоменко иҟынтәи адҵа иоуит аклистронқәа - азенит-ракетатә комплексқәа С-300 ахәҭақәа ааихәарц.

Ахәҭақәа украинатәи арратә техника аексперт – аҳәынҭқарратә еилахәыра "Укроборонсервис" иаанахәон Македониатәи афирма-бжьаҟаза ала. 2019 шықәса мшаԥымзазы Марченко дҭаркит.

"Урыстәыла ашәарҭадара аҵшәаара зҽазызшәоз аҳәаанырцәуаҩ украинатәи адәныҟатә ԥшыхәра дшадҳәалоу шьақәырӷәӷәоуп", - ҳәа аанацҳауеит АШәМ.

Украина адәныҟатә ԥшыхәра амаҵзура абри аус азы иазоунажьыз 163 000 доллар аԥарақәа аҳәынҭқарра иахатәтәуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0