Аиааира Ду амш азы: Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аруаа аветеранцәа ирыдныҳәалеит

© Foto / пресс-служба ЮВОВоеннослужащие российской военной базы Южного военного округа
Военнослужащие российской военной базы Южного военного округа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Анапаҵаҩра
Лаҵарамзазтәи амшқәа рзы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аветеранцәа Аиааира Амш 76-шықәса ахыҵра рыдырныҳәалоит.

АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауааи арратә оркестри 97 шықәса зхыҵуа Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа Алықьса Шьониеи Нонна Дорофееви Аиааира Амш 76 шықәса ахыҵра рыдырныҳәалеит. Абри атәы аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Аруаа аветеранцәа ирҭааит акәылӡмашьынақәа "Тигр" ала, идырбан урыстәылатәи ар иахьатәи рылшарақәа. Арратә оркестр амузыкантцәа аветеранцәа рзы иадырҳәеит амузыкатә композициақәа, арратә ашәақәа "Аиааира амш", "Катиуша" уҳәа егьырҭгьы.

Абаза акомандаҟаҵара ахьӡала аветеранцәа иранашьан аҳамҭақәа.

Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аибашьра Ду аветеранцәа рыдыркылеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭаҿы Аибашьра Ду аветеранцәа рыдыркылеит

"Ҳара ҳзы инасыԥ дууп Аиааира ду аветеранцәа рбара, ацхыраара рыҭара. Асеиԥштәи ауснагӡатәқәа аамҭа-аамҭала имҩаԥаагоит. Аветеранцәа ҳбара агәахәара ду рзаҵоуп", - иҳәеит арратә база аамҭала акомандаҟаҵаҩ инапынҵақәа назыгӡо, амаиор Георги Осташевски.

Иахьазы Аԥсны инхоит 1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аветеранцәа 28-ҩык. Аибашьра ду иалахәын 55,5 нызқьҩык Аԥсны аԥацәеи аԥҳацәеи рҟынтәи 17 нызқьҩык инареиҳаны рышьҭахьҟа изыхнымҳәит. 22-ҩык Асовет Еидгыла Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ду иаԥсахеит. Хҩык Аԥсны ауааԥсыра Ахьӡ-аԥша аорден акавалер нагӡацәа ҳәа ахьӡ иаԥсоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0