Аԥкрақәа рышьҭахь: Аиааира Ду амш иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысуеит Дәрыԥшь

© Sputnik / Бадри Есиава Конноспортивные состязания в Гудауте
Конноспортивные состязания  в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Анапаҵаҩра
Дәрыԥшь имҩаԥысуа аҽыспорттә еиндаҭларақәа ирылахәуп Гәдоуҭа араион ақыҭақәа рҟынтәи акомандақәа фба. Мчыбжьык аԥхьа аиԥш зеиԥшу аицлабрақәа мҩаԥган Кәтол ақыҭан.

ГӘДОУҬА, лаҵара 8— Sputnik, Бадри Есиава. Аџьынџьтәылатә еибашьар ду аҟны аиааира агара амш 76-шықәса ахыҵра иазкны Дәрыԥшь ақыҭан аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи мҩаԥысуеит, абри атәы аҭыԥантәи иааицҳауеит Sputnik акорреспондент.

Ҩымш имҩаԥысуа аспорттә еицлабрақәа араионаҿы раԥхьатәиуп аԥкрақәа рышьҭахь. Ирылахәуп Дәрыԥшь, Аацы, Ҟәланырхәа, Лыхны, Жәандәрыԥшь, Џьырхәа ақыҭақәа рҟынтәи ф-командак, иҳәеит  Гәдоуҭа араион Аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аилак ахантәаҩы Џьарназ Бениа.

Аҽырыҩрақәеи, аҽырхәмаррақәеи рлахәылацәа еиндаҭлоит ахраҿақәеи аҳаҭыртә шәҟәқәеи рзы, имҩаԥыргоит аиԥхныҩлара, аҽылампыл, аҵәеигәыдҵа. Иазыԥхьагәаҭоуп 1200, 2000 метра аиԥхныҩлара, иқәдыргылоит аҭыԥантәи аҽыжәлахкқәа реиԥш аҽыжәлацқьақәагьы. Аиԥхныҩлара иалахәхоит Гәдоуҭеи Очамчыри рҟынтәи 34-ҩык аҽыҩҷкәынцәа.

© Sputnik / Бадри Есиава Аиааира Ду амш иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысуеит Дәрыԥшь
Аԥкрақәа рышьҭахь: Аиааира Ду амш иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысуеит Дәрыԥшь - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Аиааира Ду амш иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысуеит Дәрыԥшь

"1200 метра аиԥхныҩларазы- Ақалақь-фырхаҵа Гәдоуҭа ахьӡала аԥхьахә ауп, 1400 метра СССР аспорт азҟаза Валикәа Ҭаниа, 1800 метра- аҽыспорт азҟаза Денис Ԥилиа игәалашәаразы, 2000 метра- СССР Афырхаҵа Владимир Ҳаразиеи, Ахьӡ-аԥша ахԥатәи аҩаӡара занашьоу Валери Барцыци Заур Ҭырқьбеи ргәалашәара аҳаҭыразы", - иҳәеит Бениа.

Ельмира Ԥачалиа раԥхьаӡакәны аҽырыҩрахь дааит Пицундантәи, лаб дицны, иара дхәыҷаахыс аҽыспорт бзиа ибоит. Ашколхәыҷы илҳәоит аҽырыҩра аинтерес зҵоу, аха иуадаҩу акакәны дшахәаԥшуа.

Команды из села Кутол и Гулрыпшского района состязаются в конном футболе. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.05.2021
Аҵәеигәыдҵа, аҽылампыл, аҽырыҩра: Кәтол имҩаԥысыз аҽқәа реиндаҭлара

Ариханда Џьниаԥҳа лабхәнда Саид Смыр Ҟәланырхәа акоманда даланы аҽырыҩра далахәуп. Илҳәеит аҽырыҩра иацу агәыхыҭхыҭра бзиа ишылбо.

Ростов на-Дону аҟынтәи Дәрыԥшь иаҭааз асасцәа Наталии Сергеии зегь реиҳа иргәаԥхеит аҵәеигәыдҵаразы аицлабра. Ишәарҭоу, аха реиҳа убла хызкуа акоуп рҳәоит дара.

Ақыҭақәа Лыхны, Џьырхәа, Аҷандара, Аацы, Ҟәланырхәа, Жәандрыԥшь, Дәрыԥшь ркомандақәа злахәу есышықәсатәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан игаз Аиааира амш иазку аҽырхәмаррақәа мҩаԥысуеит Дәрыԥшь, лаҵара 8-9 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0