Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра "Спутник Лайт" азы: азыҳәақәа рацәоуп

© Foto / Пресс-служба НИИ эпидемиологии и микробиологии им. Н.Ф. Гамалеи / Амедиаҵәахырҭахь аиасра"Спутник Лайт" вакцина от COVID-19
Спутник Лайт вакцина от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.05.2021
Анапаҵаҩра
Алаҵа "Спутник Лайт" — алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭоуп. 79,4 процент рыла хра аманы ахы аанырԥшит ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоу апрепаратқәа раасҭа.

АҞӘА, мшаԥы 10– Sputnik. Акоронавирустә инфекциаҟынтә алаҵа ҿыц "Спутник Лайт" азы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟынтәи азыҳәақәа аашьҭра иалагахьеит, абри азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.

Вакцинация от COVID-19 в ТЦ Кунцево Плаза - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.05.2021
Аԥснытәи амедицинатә усзуҩцәа алаҵаҟаҵаразы атренинг иахысуеит

Иазгәеиҭеит ахәшә "ааигәа ашәҟәы иҭагалоуп", аха уи иахьмырԥшкәа "аинтерес ӷәӷәоуп" ҳәа.

"Спутник Лайт" акоронавирус аштаммқәа зегьы ирҿагылоит. Агәабзиара ашәарҭара иҭазыргыло, ааха азҭо ҳәа акгьы адрымбалеит аҟазацәа.

Урыстәылатәи алаҵа "Спутник-V" 6500 доза Аԥсныҟа иааргеит мшаԥы 30 рзы. Алаҵаҟаҵаратә кампаниа иалагоит аныҳәамшқәа рышьҭахь.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа ишиҳәаз ала, Аԥсныҟа иаагахоит 30000 доза. Анаҩстәи апартиа аашьҭра алаҵаҟаҵара актәи ахәҭа шымҩаԥысуа иаҿырԥшхоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0