Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Паӷәааԥҳа Баслахә ақыҭа асаит азы: иахьа уажәраанӡагьы ақыҭаҿы ишҳамоу ззымдыруа ыҟоуп

© Foto / предоставлено Лореной ПагаваЛорена Пагава
Лорена Пагава - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.05.2021
Анапаҵаҩра
Баслахә ақыҭа асаит аусушьа, насгьы избан ақыҭа ахатә саит замоу атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит уи аредактор Лорена Паӷәааԥҳа.

Жәашықәса раԥхьа Баслахә ақыҭа иаиуит ахатә саит. Уи ахҭыс шыҟалаз атәы, насгьы аханатә хықәкыс иамаз атәы еиҭалҳәеит асаит аԥҵаҩцәа ируаӡәку, иахьа уажәраанӡагьы аус адызуло Лорена Паӷәааԥҳа.

Паӷәааԥҳа Баслахә ақыҭа асаит азы: иахьа уажәраанӡагьы ақыҭаҿы ишҳамоу ззымдыруа ыҟоуп

"Асаит анаԥаҳҵоз, раԥхьа ҳхықәкқәа ируакыз, ақыҭаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа рӡыргара акәмызт, иаҳҭахын ҳқыҭа аҭоурых ауаа идҳардырырц. Асаит аартра ҳара шәҟәҭыжьрак иаҳзаҩызан. Уи аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара иацлоит асоциалтә даҟьақәа рҿы аӡыргара анамоу. Иара аинформациатә саитқәа реиԥш аус ауам, усҵәҟьа жәабжьла ахарҭәааразы алшара ыҟам, схала соуп аус адызуло, убри аҟнытә сызлахәу аусмҩаԥгатәқәа роуп уаҟагьы иӡыргоу. Иахьа уажәраанӡагьы ақыҭаҿы асаит шҳамоу ззымдыруа ыҟоуп, аха аханатә ҳусура ҳаналагоз аахыижьҭеи, аинтернет ахархәара уажәы иаҳа иахьыҭбаау аҟнытә аӡбахәгьы иаҳа ирдырит. Иара аинтернет ахаҭагьы сынтәоуп ақыҭаҿы ианыҟала, уажәы изҭаху зегьы, ақыҭа ауааԥсыра иҭалан ирбар рылшоит ҳсаит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ԥаӷәааԥҳа.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0