АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Актәи атуристтә форум "Аԥсны-Аԥсынтәыла" Аҟәа иаатит лаҵара 13 рзы ҳәа аалыцҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.
Актәи атуристтә форум "Аԥсны-Аԥсынтәыла" аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба, аҭыжьырҭатә ҩны "Аргументы и факты" адиректор хада Руслан Новиков, атуристцәа Урыстәылазегьтәи аиҿкаара ахантәаҩы Дмитри Давыденко рықәгылара.
Афорум аҿы излацәажәараны иҟоу атемақәа иреиуоуп: "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿ аԥхынтә туристтә сезон аконцепциа– ахаҭабзиара, ашәарҭадара, атехнологиа ҿыцқәа, аалыҵ ҿыцқәа", "Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы атуристцәа рыԥгаԥса азҵаара", "Актуалтә зҵаарақәа атуризми асасдкылара аиндустриеи русхк аҟны", "Ҳаамҭазтәи аинвестициатә проектқәеи атуриндустриа аусхк аҟны иреиӷьу аԥышәақәеи", "Аԥсны аԥхынтә лагерқәа раԥҵара".
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны - актәи атуристтә форум "Аԥсны-Аԥсынтәыла" аинформациатә партниорны иазыҟоуп.