Аԥсны ахада Аԥсны аԥсылманцәа Ураза-Баирам рыдиныҳәалеит

© Sputnik / Максим Богодвид / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПразднование Курбан-Байрама в городах России
Празднование Курбан-Байрама в городах России - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы ачгара аҵыҵра аныҳәа Ид аль-Фитр - Ураза-баирам лаҵара 13 иақәшәеит.

АҞӘА, лаҵара 13- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны аԥсылманцәа Ураза-Баирам рыдиныҳәалеит ҳәа аанацҳауеит ахада исаит.

"Аԥсны инхо аԥсылманцәа, аԥсылман тәылақәа рҿы инхо ҳџьынџьуаа ишәыдысныҳәалоит Ураза баирам", - аҳәоит адныҳәалараҿы.

Атәыла ахада иазгәеиҭеит Аԥсны ажәлар ахаангьы адинеибачҳара рылан, еиуеиԥшым адин хазҵо ауаа ҭынчрыла реицынхара аҭыԥ аман ҳәа.

Абдурахман Джугелия - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Арадио
Џьугьелиа Ураза-баирам азы: угәырӷьо уаԥылоит аурычра аганахьала иуқәыз ауал анынаугӡо

"Агәра ганы сыҟоуп Ураза-баирам аныҳәамш азы ареспубликаҿ инхо аԥсылманцәа, аҳәаанырцә инхо ҳашьцәа рыԥсадгьыл Аԥсны аизҳазыӷьаразы аллаҳ ишимҵаныҳәо", - иҳәеит ахада.

Ид аль-Фитр - Ураза-баирам аԥсылманцәа ирныҳәоуп, ачгара хнаркәшоит.

Аныҳәа шьаҭаиркит Муҳаммед 624 шықәсазы.

Аԥсылманра аканонқәа инарықәыршәаны Рамадан амза алагоит рамадан мза 30 ауха, аԥсылмантә мзар ала иааиуа амза шавваль 1 аԥыларала.

2021 шықәсазы ачгара аҵыҵра аныҳәа Ид аль-Фитр - Ураза-баирам лаҵара 13 иақәшәеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0