Џьугьелиа Ураза-баирам азы: угәырӷьо уаԥылоит аурычра аганахьала иуқәыз ауал анынаугӡо
30 мшы иаурычуаз амсыламанцәа иԥшьоу амза Рамадан хыркәшаны аныҳәа иаԥылеит. Иахьа инаркны хымш иазгәарҭалоит аныҳәа Ураза – баирам.
"Ашьыжь асааҭ 3-4 рыбжазы акрыфара уҽааныукылар акәын, ахәылбыҽха асааҭ ааба рзеиԥш акрыфара уналагон аурычраан. Ари амлакра мацара акәӡам, аурычра аҵакы рацәоуп, Ҳазшаз изхәыцра, уи иԥҟарақәа рынагӡара, анамаз аҟаҵара… Аурычра анынҵәо ауаҩы иаҳа игәы ҭгәырӷьаауа далагоит, избанзар, уи Ҳазшаз уалны иҳақәиҵеит згәы бзиоу, анагӡара зылшо амсылманцәа. Убри ауал шуқәыхыз аныудыруа, агәҭынчра ду унаҭоит", - иҳәеит Џьугьелиа.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара аудиофаил аҟны.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: