Очамчыра ахәыҷбаҳча аус ауам аӡи афымцалашареи рзы иҟоу апроблемақәа ирыхҟьаны

© Sputnik / Бадрак Авидзба Кристина Озган посетила детский сад в Очамчыре
Кристина Озган посетила детский сад в Очамчыре - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
Анапаҵаҩра
Ахәыҷбаҳча аргылара нап аркын 2017 шықәсазы.  Иазыԥхьагәаҭан 2019 шықәсазы ахархәарахь инашьҭхоит ҳәа.

АҞӘА, лаҵара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны аиҳабыра рԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Кристина Озган Очымчыра аинспекциатә ныҟәара мҩаԥылгеит. Лара даҭааны илбеит Аинвистициатә программала иргылоу ахәыҷбаҳча, еилылкааит иара аусура алагаразы проблемас иҟоу.

Рауль Шамугия - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.05.2021
Арадио
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Шамугьиа Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҟны аусурақәа ахьынӡанагоу атәы

Озган илҳәеит аобиект ахархәарахь ишынашьҭтәыз 2019 шықәсазы, аха араион ахадареи аҵара аминистрреи ишрыдрымкылаз. Араион ахадара аобиект ахархәаразы ашәарҭара амоуп ҳәа иазырыԥхьаӡеит, ашьаҟақәа рҿы ашьшьарақәа ахьцәырҵыз иахҟьаны.

"Ҵыԥхгьы ҳаҟан ара. Араион ахадара аобиект ахархәара ҟалом ҳәа рҳәеит", - азгәалҭеит Озган.

Лара илҳәеит ахада инапынҵала аекономика аминистрраҿы ишаԥҵаз аусутә гәыԥ, зеилазаараҿы иҟоуп аҳәынҭқарратә ҿаҵаҩы: Акапиталтә ргылара аусбарҭа, анхара-коммуналтә нхамҩаз Анапхгара, анардадаҩ, Аҵара аминистрра, араион ахадара.

"Аусутә гәыԥ  ара аҭыԥ аҿы иааны аобиект агәаҭара мҩаԥыргеит, иалыркааит 18 позициа зҵазкыз апроблемақәа. Ииашаҵәҟьаны ашьаҟақәа ашьшьара рымоуп. Ишьақәыргылахеит урҭ аргылараан анормақәа реилагара ишахҟьаз", - лҳәеит аминистр.

Абри ашьҭахь арҭ апроблемақәа аԥыхзарц адҵа ҟаҵан.

"2020 шықәса аҩныҵҟа аконструкциа арӷәӷәаразы аусурақәа мҩаԥган. Ишьақәыргылоу аԥҟарақәа рыла аусурақәа рыдкылан. Аха уажәы араион ахадараҟынтә ахада ихьӡала азыҳәа ҟаҵан. Иӡбан аҽазныкгьы иҟоу агхақәа ргәаҭара", - лҳәеит Озган.

ЛЭП Очамчыра  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.05.2021
2021 шықәсазы Аҟәа инаркны Очамчыранӡа ареспубликатә мҩаду лашарала еиқәыршәахоит

Иахьазы иӡбамкәа иҟоуп аобиект ӡыла аиқәыршәара азҵаара лҳәеит аминистр. Лара лажәаәқа рыла апроект аҿы иарбамызт аӡеизакырҭақәа. Ахархәагақәеи аинвентари раагара анапы алакын аҵара аминистрра. Ахыдҵақәа иныҭкааны инагӡамызт, аивыгара 70 нызқьмааҭ артәеит лҳәеит Озган. 

Озган ажәалагала ҟалҵеит ахыбра аҩныҵҟа зырлашо априборқәа гәаҭазарц.

"Анардадаҩ хада адҵа иҭоуп ари азҵаара иӡбарц. Анардадаҩ иҭакԥхықәра иаҵанамкуа – аобиект адәынтәи анеирҭаҭыԥқәагьы аԥҟара иақәшәом. Аиҳабыра рахь аҳәара ҟаҳҵоит азҵаарацҵақәа рыӡбразы", -лҳәеит лара.

Уи адагьы аргыларатә гәамсам ықәгатәуп, лҳәеит Кристина Озган.

"Иааидкыланы аобиект ахархәара иазыхиоуп. Аратәи аҳауатә ҭагылазаашьақәа инарықәыршәаны иара ахархәара амоур иԥхасҭахар алшоит", - лҳәеит  аминистр.

Озган илҳәеит агхақәа зегьы хара имгакәа рҭыԥ иқәҵахоит, ахәыҷбаҳчагьы аусура иаларгахоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0