Гәдоуҭа ақалақь аҟны лаҵарамза 14 рзы Владислав Арӡынба игәалашәара иазкны имҩаԥгахоит аҽыуаа рпарад.
"Владислав Григори-иԥа изкны ари раԥхьаӡатәи еиҿкаароуп (аҽыуаа рпарад - аред.). Аиааира 10 шықәса ахыҵразы ифотоальбом анҭыҵ, Кьасоу Ҳагбеи сареи иара иҟны ҳаҟан… Ҳанцәажәоз иаҳҳәеит аҽцәа рпарад ҳаԥхьаҟа иҟаҳҵоит ҳәа. Иара уи дарччеит, исҳәаз игәы ишахәаз убаратәы иҟан. Шаҟа шықәса ҵуа шьҭа уи аахыижьҭеи, иахыго иахьа уажәраанӡа иааит. Ҵыԥх иара диижьҭеи 75 шықәса аҵраан ари (аусмҩаԥгатә - аред.) ахыган ачымазара ҿкы иахҟьаны. Уажәы Гәдоуҭа ақалақь–фырхаҵа агәҭа инаркны 75-ҩык аҽыуаа аԥсуа бираҟқәа кны ԥшьаала Арӡынба ихьӡ зху аихамҩа ашҭаҟынӡа инеиуеит, уаҟа аиԥылара еиҿкаахоит, имҩаԥгахоит аконцерт", - лҳәеит Џьыкырԥҳа.
Лаҵара 14 рзы Гәдоуҭа имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа ртәы иаҳа инарҭабааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил шәазыӡырҩыр.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: