АҞӘА, лаҵара 14 - Sputnik. Аԥсны акурортқәа аҩбатәи аҭыԥ ааныркылоит 2021 шықәса лаҵара-рашәара амзақәа рзы 26-28 нызқьмааҭ рҟынӡатәи ахышәаҵышәала амшын аҟны аԥсшьараз, ҳәа аанацҳауеит Вестник АТОР.
Ҭырқәтәыла анадыркы, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи Танзаниеи рыбжьара аҳаиртә еимадара анаанкылаха, аԥснытәи ахырхарҭа аинтерес шьҭыҵит. Ареспубликаҿ аԥсшьара бжьаратәла 26 000 мааҭ итәоит.
Жәамш ирыҵаркуа зегь раасҭа зыхә лаҟәу атур 23 000 мааҭ итәоит (Ҟрымтәи акурортқәа). Уа амза иалагазар ахәқәа бжьаратәла 40% икаҳаит.
Шәачеи Анапеи аԥсшьара 28 нызқь рҟынӡа итәоит, аха уи лаҵарамзатәи ахәԥсақәа ҩынтә рыла еиҵоуп.
Бырзентәылаҟа апутиовка 66 нызқь мааҭ еиҵам, Кипр – 80 нызқь мааҭ, Емиратқәа — 88 нызқь мааҭ, Куба — 160 нызқь мааҭ.
Аекспертцәа ишырҳәо ала, Урыстәыла аладатәи ахәҭеи Аԥсни рҟны аԥсшьара 63-90 нызқь мааҭ еиҵахом. Убри аан Аԥсны зыхә маҷу акурортқәа реиԥш зыхә бжьаратәуқәагь рреитинг аҿы иарбоуп.