АҞӘА, лаҵара 15 – Sputnik. Аԥсны иҟоу адекоративтә ҵлақәа ԥырхага рызҭо ахәаҷа-маҷақәа рҟынтәи рыхәышәтәра иалагеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аекологиазы аҳәынҭеилакы ахантәаҩы Савели Ҷыҭанаа.
"Планла иазгәаҭоу адекоративтә ҵлақәа, ҷыдала иаҳҳәозар апальмақәа, рыхәышәтәра ҳалагеит Аԥсны зегьы иахьаҵанакуа иацы инаркны. Ҳара шаҟа аҭаху апестицид ҳамоуп уи азы. Аҟәа атәы ҳҳәозар, аҳҭнықалақь ахадареи ҳареи ҳаилацәажәара ашьҭахь иҳарҭеит аус злаҳауша иҷыдоу атехникеи аусуҩцәеи", - иҳәеит иара.
Ҷыҭанаа игәы иаланы иазгәеиҭеит апальма хызшьаауа ахәаҷа аҵла ҿақәагьы рҟны аҿиара ишалагаз. Раԥхьа иргыланы ирхәышәтәуеит авашингтониа захьӡу апальмахкқәа рацәаны иахьеизҳауа аҭыԥқәа. Анаҩс Аҟәа Ахьӡ-аԥша апарк аҟны игылоу аҵлақәа рыхәшәтәрахь ииасуеит, уаҟагьы иаарԥшуп ахәаҷақәа злаз апальмақәа. Абарҭ рышьҭахь ақалақь егьырҭ ахәҭақәа рахьгьы ҳаиасуеит иҳәеит Ҷыҭанаа.
Аԥсны аҳҭнықалақь аҟны ирызҳауеит 1500 рҟынӡа аелитатә пальмаҵлақәа. Аекологиазы аҳәынҭеилакы гәҭакыс иамоуп ҽнак ала 30-50 ҵла ахәышәтәра, амш ишрынаҭо еиԥш. Ари аҩыза азнеишьа иалнаршоит наҟ-наҟ аҵлақәа реиқәырхара, рыхҵәара ацәыхьчара ҳәа агәра игоит Ҷыҭанаа. 2020 шықәсазы убас ҩ-пальмак рыхҵәара рықәшәеит Аҟәа.
Атәыла егьырҭ араионқәа рҟны апальмақәа аус рыдырулоит аҭыԥантәи ахадарақәа иҟарҵо азыҳәарала. Зны ихәышәтәтәу аҵлашьапқәа рԥхьаӡоит, нас апестицидқәа шаҟа аҭаххо рыманы ицоит. Ацхыраара иаҳәахьеит Гагра, Пицунда, Гәдоуҭа, Афон ҿыц. Афон ҿыц макьана апальма аԥхасҭа азҭо ахәаҷа рымԥшааӡацт, аха уеизгьы апальмақәа уаҟагьы ахәшә рықәырҭәоит ахәаҷа иацәырыхьчарц азы.
Ахатәы сасааирҭақәа рҟны аҭагылазаашьа даҽакала иҟоуп иҳәеит Ҷыҭанаа. Урҭ рыԥшәмацәа аспециалистцәа рҳәатәы иақәныҟәом, рыкәша-мыкәша игылоу апальмақәа рҭагылазаашьа гәарҭом ҳәа азгәеиҭеит иара.
Апальма хызшьаауа ахәаҷа рыԥшааит Аԥсны 2016 шықәса рзы. Уи анырба ашьҭахь ичмазаҩхаз апальмақәа анырԥхьаӡа, 2500 рҟынӡа инаӡеит. Апальмақәа рыхәышәтәра иалагеит 2018 шықәса жьҭаара 30 рзы.
Апальма бжи аладамерикатәи ахьычԥаԥыри ирхырҟьаны 2018 шықәса рыҩныҵҟа Аҟәа 21 пальма хырҵәеит, Гагра – 20.