Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Агрба еиҭеиҳәеит акультуратә хыбрақәа рҭагылазаашьазы агәаҭарақәа иаадырԥшыз атәы

© SputnikГудиса Агрба
Гудиса Агрба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 20.05.2021
Анапаҵаҩра
Атәыла акультуратә хәышәҭаарақәа рҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы, атехника аганахьала реиқәыршәашьа атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны акультура аминистр Гудиса Агрба.
Агрба еиҭеиҳәеит акультуратә хыбрақәа рҭагылазаашьазы агәаҭарақәа иаадырԥшыз атәы

Сынтәа дара ирацәоуп акультуратә проектқәа, ҳәа азгәеиҭеит аиҿцәажәараҿы Гудиса Агрба.

"Аминистрраҿы еиҿкаауп акультуратә усбарҭақәа ирыгу-ирыбзоу ҭызҵаауа аусуратә гәыԥ, иара имҩаԥнагоит аинспекциақәа. Иҟоуп азҵарақәа аамҭа мгакәа иӡбатәу, иҟоуп - хәыҷык инаханы иуӡбашагьы. Ихадоу азҵаарақәа иреиуоуп Аҳәынҭқарратә филармониаҿы атехника аҭагылазаашьа. Иара убас ихымԥадатәны иҟоу рахь иаҵанакуеит Аҳәынҭқарратә ансамбль аҽазыҟаҵарҭатә зал аҟаҵара, дара русура аамҭала ииагоуп афилармониахь. Аҽазыҟаҵарҭатә ҭыԥ аремонт алагара азыӡбан. Аусурақәа анхыркәшахалак, уи азал аҿы рҽазыҟаҵалоит Аҳәынҭқарратә ансамбль ахаҭа адагьы, акәашаратә ансамбль "Шьараҭын". Уи анаҩс ирацәоуп еиҭа аусбараҭақәа ирыгу, аусуақәа зегьы ирлас иаҳзыҟамҵаргьы, хәыҷы-хәыҷла нап аҳаркырц ауп", - еиҭеиҳәеит Агрба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы, мамзаргьы арадио Sputnik аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0