"Аԥсны жәлар Рконгресс" аделегатцәа ралхразы ашәага-загақәа шьақәдыргылеит

© SputnikФлаги Абхазии
Флаги Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысит атәыла анапхгареи атәылауааи рыбжьара аинырра абжьаҵара хықәкны измоу "Аԥсны жәлар Рконгресс" аҩбатәи аилатәара.

АҞӘА, лаҵара 21 - Sputnik. "Аԥсны жәлар Рконгресс" аҩбатәи аилатәараҿ иахәаԥшын аиҿкаара аилазаара апроект, аструктура, аделегатцәа ралхра ашәага-загақәа.

Аконгресс ахыркәшаратә модель аверсиа амза нҵәаанӡа Аԥсны араионқәа рҿы иӡырыргоит.

Давид Пилия  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Арадио
Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа "Аԥсны жәлар рконгресс" ахықәки аԥеиԥши ирызкны

"Аԥсны жәлар Рконгресс" аилазаареи аструктуреи ӡырылгеит асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр амилаҭтә економика аҟәша аиҳабы Хатуна Шаҭ-иԥа.

Апроект инақәыршәаны Аконгресс 380-ҩык алахәхоит, аиҳараҩык ақыҭақәа рҟынтәи. Аиҿкаара иалахәхоит еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны аҟазауаа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, араионтәи ақалақьтәи еизарақәа рхаҭарнакцәа.

Шаҭ-иԥа ишылҳәаз ала 51% Аконгресс аилахәыра ақыҭауаа ракәхоит.

"Ақыҭауаа рҿаԥхьа ауал ҳақәуп. Ринтересқәа ахьцәырыргаша аҭыԥ раҳҭароуп. Аконгресс ала адепутатрахь ркандидатцәа ирыдгыло иҟаҵатәуп. Иҟаҵатәуп дара адепутатцәагьы нас дара рҿаԥхьа аҳасабырба аҟаҵара рыдны", - лҳәеит аекономист иагьазгәалҭеит Апарламент адепутатцәа реиҳараҩык ақыҭақәа шракәу иалызхуа.

Аконгресс иалахәылахар рылшоит ауаажәларраҿ унеишь-уааишь ҳәа зарҳәо ауаа, зус рмыӡбац, анаркотик, арыжәтә иадцалам, апрофессионалцәа.

Ақыҭақәа рҟынтәи аделегатцәа уа аҭыԥқәа рҿы инхозароуп. Рҵара абжьаратә ҵара еиҵамзароуп. Аибашьра аамҭаан арра анаԥхьара ашықәс иаҵанакуазар, аибашьратә хҭысқәа ирылахәызароуп.

Аконгресс аделегатцәа рҭаацәарақәа ракәзар – атәыла Аконституциатәии азинтәии нормақәа ирықәныҟәозароуп, ашьаус иаҵанамкхьазароуп, аԥсыҭбара зцу амҩатә машәыр рхылымҿиаацзароуп.

Круглый стол О новой модели избирательной системы в ЦСЭИ - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.04.2021
Ишыдыдуеиԥш ақәа леиуам, мамзаргьы "Аԥсны жәлар рконгресс" азы гәаанагарак

Иара убасгьы акандидатгьы иҭаацәара алахәылацәагьа аекономика ашәшьыратә сектор аҿы рыӡбахә рымҳәацзароуп. Дара анкета ахарҭәаараан иазгәарҭароуп рхашәалеи уи шьаҭас иамоуи. Аконгресс аделегатцәа ралхраан аспект хаданы иҟоу иреиуоуп Қырҭтәыла акала рыхьӡ адымҳәалара. Ари Гал араион ауааԥсыреи уахь ҽыхәышәтәра ицоуи аҵанакуам.

Аконгресс иалахәхоит Аԥсны амилаҭқәа зегьы.

Аконгресс аԥҵаразы аиҿкааратә гәыԥ анапхгаҩы, ауаажәларратә усзуҩ, Апарламент актәи ааԥхьара адепутат Давид Ԥлиа иазгәеиҭеит абжьыҭараан алхыҩцәа раахәара аҵыхәа ԥҵәатәуп ҳәа.

Иара убасгьы иазиԥхьаӡоит Апарламент аҿы аҳәса рхыԥхьаӡара иазырҳатәуп агендертә еиҟарара алыршаразы ҳәа.

Аԥсны асоциал-економикатә ҭҵаарақәа Рцентр аԥшьгарала 2021 шықәса мшаԥымзазы атәыла анапхгареи атәылауааи рыбжьара аинырра абжьаҵара хықәкны измоу ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны жәлар Рконгресс" аԥҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0