Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Хра злоу ахҭысқәа: Аиба ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукЛесик Айба
Лесик Айба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.05.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы Лиосик Аиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма атәы.
Хра злоу ахҭысқәа: Аиба ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма иазкны

Ҳазҭысыз амчыбжьазы Аԥсны аԥыза-министр дидикылеит Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы Лиосик Аиба. Аиԥылараҿы аинститут аиҳабы дазааҭгылеит ақыҭанхамҩа аҿиара апрограмма, ари аус аҟны аҵарадырратә знеишьақәас иҟоу, убасгьы ҳаамҭазы аинститут злаҽхәаша алҵшәақәа.

"2011 -2014 шықәсқәа рзы Аԥсны Аинвестпрограммала ашәырааӡара апрограмма ҳадаҳкылеит. Убасҟан убас еиҿкаан аус - абыжьраионк Аԥсны 50 гәыԥ инареиҳаны апрограммаҟны иалан, егьыс 1500-ҩык рҟынӡа анхацәа ақыҭаҿ инхо алахәын. Убасҟан иаадкылан 1400 десҭын инареиҳаны абыжьраионк рҟны еиҭаҳан ашәыр. Нас, ҩыџьара ашәыр ааӡарҭақәа еиҿкаан 30 десҭын рҟынӡа. Избанзар, Аԥсны убриаҟара адгьыл еиԥшым адгьыл ҭҵааны иалухыроуп ианаало ашәыр. Аинститут аҿы еиҿкаан адгьыл иалоу узырбо алабораториа. Нас анализ ҟаҵаны еилыркаауан иарбан шәырхку еиҭарҳауаз, анаука ишаҳәо ала. Ус ианыҟаумҵо, аус лҵшәадахоит. "Ааԥсара игӡам, ԥыла имаӡам" рҳәоит, аха уззааԥсогьы удыруазароуп. 2014 шықәса рзы ари апрограмма аанкылан. Иара анҳадаҳкылоз 2017 шықәса рҟынӡа аԥара азоурыжьлар акәын, анаҩс еиҭаҳҳаз ахы ныҟәнаго ианалагалак, аԥхьаҟа иацаҳҵар акәын, аха апрограмма зегьы ибжамҽамны иқәхеит", - еиҭеиҳәеит Аиба.

Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудио аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0