Аџьынџьуаа русқәа рзы Аиҳабыратә комиссиа Аԥсны ахаҭарнакцәа аҳамҭақәа рырҭеит

© Sputnik / Наталья Селиверстова / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМинистерство иностранных дел России
Министерство иностранных дел России - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.05.2021
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа русқәа рзы Аиҳабыратә комиссиа аԥҵан 1994 шықәсазы афедералтәи аҭыԥантәи амчрақәа русура аицымҩаԥагаразы.

АҞӘА, лаҵара 28 – Sputnik. Аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа русқәа рзы Аиҳабыратә комиссиа аҳаҭыртә шәҟәқәеи аҳамҭақәеи рананашьеит Аԥсны ахаҭарнакцәа ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра.

Аҳаҭыртә шәҟәы ланашьоуп ауаажәларратә еиҿкаара "Тҟәарчал араион аурыс уаԥшь" анапхгара ахантәаҩы Валентина Давыдова.

Президент России наградил медалями «#МыВместе» соотечественников Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Урыстәыла ахада Аԥсны иҟоу аџьынџьуаа реиҿкаарақәа амедалқәа ранеишьеит

Аџьшьаратә шәҟәқәа ранашьоуп: ауаажәларратә еиҿкаара "Аԥсны аурыс уаԥшь" ахантәаҩы Роман Риазанцеви акультуратә фонд "Справедливость. Благополучие. Развитие" адиректор, аурыс џьынџьуаа реиҿкаара Акоординациатә хеилак ахантәаҩы Олег Иурченкои.

Аҳаҭыртә шәҟәы ранаршьоит Урыстәыла адгылараъы алагаламҭа ду азы, аҭоурыхтә ԥсадгьыл амадаразы, аурыс бызшәеи аурыс культуреи реиқәырхаразы.

Аџьшьаратә шәҟәқәа ранаршьоит Урыстәылеи аҳәаанырцә ҳәынҭқаррақәеи русеицура арҿиарази реимадара арӷәӷәарази иматериалтәуи иматериалтәыми алагаламҭақәа рзы; аурыс диаспора ахьынхо аҭыԥ аҿы рконсолидациаз; аурыс бызшәеи аҭоурыхи акультуреи раларҵәаразы.

Аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа русқәа рзы Аиҳабыратә комиссиа аԥҵан 1994 шықәсазы афедералтәи аҭыԥантәи амчрақәа русура аицымҩаԥагаразы. Иара еиднакылоит аԥышәа, иазнархиоит абжьгарақәа аџьынџьуаа рганахьала аполитика аиӷьтәразы, анорматив-закәантә база аус адуларазы.

Акомиссиа иара убасгьы аҳәаанырцә аурыс диаспора рҽеиҿкаара азҵаарақәа анапы рылакуп. Акомиссиа ахантәаҩыс дыҟоуп Сергеи Лавров – Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0