00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
18:00
30 мин
18:30
30 мин
21:00
30 мин
21:30
30 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ахәыҷқәа рыхьчара Амш азы Аԥсны ахада иԥҳәыс Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча даҭааит

© Foto / официальный сайт Президента Республики Абхазия Первая Леди Абхазии Аэлита Ахиба
Первая Леди Абхазии Аэлита Ахиба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2021
Анапаҵаҩра
Аелита Ахьиԥҳа иазгәалҭеит атәыла анапхгара рзы Тҟәарчал араион ацхыраара аԥыжәара змоу зҵаараны ишыҟоу.

АҞӘА, рашәара 1– Sputnik. Ахәыҷқәа рыхьчара Амш азы Аԥсны ахада иԥҳәыс Аелита Ахьиԥҳа Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча "Амра" даҭааит ҳәа аанацҳаит ахада ипресс-маҵзура.

Не должны быть потеряны дети: администрация Сухума запустила социальный проект    - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.05.2021
Аҟәа ахадара асоциалтә проект ҿыц аусура иаланаргеит

Ахәыҷбаҳча аҳамҭақәа азналгеит – акомпиуторқәа хԥа, ателевизорқәа хԥа, ауарҳалқәа, аиарақәыршәқәа, аспорттә маҭәахәқәа, аӡәӡәага машьына, ахәмаргақәа.

Ахәыҷқәа рысас илзыԥшын ашҭаҿы. Ахәыҷқәа Аелита Ахьиԥҳа илыкәшаны рдыррақәа лдырбеит.

Аелита Ахьиԥҳа ахәыҷбаҳча аҭагылазаашьа ҭылҵааит, аусзуҩцәа дрыҿцәажәеит. Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиеи ахәыҷбаҳча аиҳабы Ванда Аҳәԥҳаи ахада иԥшәмаԥҳәыс ҭабуп ҳәа ларҳәеит Тҟәарчал иазыҟалҵаз азхьаԥшразы.

"Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит гәык-ԥсык ала иахьатәи амшныҳәазы ҳақалақь, ҳхәыҷбаҳча алкааны шәахьаҭааз", - лҳәеит Аҳәԥҳа.

Аелита Ахьиԥҳа илҳәеит ахәыҷқәа зегьы аԥхарреи абзиабареи рыманы ирызҳалар шакәу, тҟарчалаа ракәзар ҷыдалатәи азнеишьа ишаԥсоу.

"Иахьатәи амш азы аибашьра аӡбахә алацәажәара сҭахым, аха иҳамоу апроблемақәа зегьы ирхыҵхырҭоуп иара. Агәра згоит атәыла анапхгара иԥыжәаратә хырхарҭаны Тҟәарчал аҿиара иазхьаԥшып ҳәа. Очамчыра араион аҿы акәзар атуристтә комплекс ду аргылара иаҿуп. Уи акыр ицхыраагӡахоит ауааԥсыра рзы. Ауаа аԥсҭазаара бзиа рымазароуп. Ахәыҷқәа сахьрыхәаԥшуа рыблақәа лашоит. Урҭ ацхыраареи адгылареи рыгымхароуп", - лҳәеит ахада иԥҳәыс.

Лара ахәыҷбаҳча аиҳабыра ҭабуп ҳәа ралҳәеит рџьабаазы. Ахәыҷқәа лыдыргыланы афотосахьа ҭылхит.

Ажәабжьқәа зегьы
0