Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Занҭариа ареаниматологцәа русуразы: иахьынӡалшо ҳаицхыраауа ҳааиуеит

© Foto / Facebook/Дамей ЗантарияДамей Зантария
Дамей Зантария - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.06.2021
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭа ареанимациатә ҟәша еиҭашьақәыргыланы ахархәарахь ирыҭоуп. Аҳақьым-ареаниматолог Дамеи Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит иахьазы русура шышьақәгылоу атәы.
Занҭариа ареаниматологцәа русуразы: иахьынӡалшо ҳаицхыраауа ҳааиуеит

"…Уи аԥхьа ԥшь-ҭыԥк ракәын иҳамаз, иахьазы быжьҭыԥк ыҟоуп. Иахәҭоу амониторқәа, ареанимациа аҟәшазы хазы аиарҭақәа, аппаратқәа – ИВЛ рыла еиқәшәоуп. Ақалақь ахадара, амеценатҵәа зегьы рымч еидҵаны иахьазы ареанимациа аҟәша ааҳартит. Иаҳзышьҭан ԥшьҩык ачымазцәа аҟәша хдыртаанӡа уи аԥхьа иҳамаз апалата аҟны. Иахьазы ареанимациа аҟәшаҟны хҩык шьҭоуп. Ижәдыруеит ари ачымазара хьанҭоуп, аԥсыҭбарақәагьы ҳауит.

Ҭагалан аҭагылазаашьа даара ихьанҭан, аҭыԥқәа зынӡа иҳамаӡамызт, ачымазцәа аӡәы дылҩааны, иаарласны уи иҭыԥ аҟны, иҳамаз асиа аҟынтәи, иаҳа ихьанҭаз дышьҭаҳҵон… Ареанимациатә ҟәша уажәы иааҳартаанӡа зынӡа 37-ҩык ачымазцәа рҭыԥ ыҟан. Зегь раасҭа ианеиҵаз ачымазцәа рхыԥхьаӡара 15-ҩык анышьҭаз ауп… Иахьазы ҭагалан еиԥш иҟамзаргьы, ачымазцәа рацәоуп. Абри ковид британиатәи аштамм иаҳа ихьанҭаны ирхырго иалагеит ачымазцәа. Аҩбатәи амчыбжь иаҳа иуадаҩны ирхыргоит, иаҳа ирлас агәаҵәыхь шьҭырхуеит, ахәшә адозагьы еиҳаны иҟаҵатәуп… Аспециалистцәа рганахьала аҭагылазаашьа, еиҳаракгьы ареанимациа аҟәшаҟны, даара ихьанҭоуп. Уи зегьынџьара ус ауп, Аԥсны мацара акәым… Убри аҟынтә иҳамоу аҳақьымцәа рыла иааҳгоит иахьынӡалшо, ҳҽаҳшеит, шьоукы Гәдоуҭа аҷаԥшьарақәа рымоуп, ҳара-ҳара ҳаицхыраауеит", - иҳәеит Занҭариа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0