"Қьааба уца, амал сзаага": ауаҩы идҳәалоу згәаҭарақәаки урҭ рҵакқәеи

© Sputnik / Марианна КубраваРыбак на пристани
Рыбак на пристани - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.06.2021
Анапаҵаҩра
Ауаҩы идҳәалоу еиуеиԥшым аԥсуа жәлар разгәаҭарақәеи урҭ рҵакқәеи Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа ланҵамҭа.

Есма Ҭодуаԥҳа, Sputnik

Ажәлар разгәаҭарақәа акыр еиуеиԥшым. Урҭ рыбжьара иҟоуп амш зеиԥшрахо иазку, аҽаҩра зеиԥшрахо иазку, амшьҭа иадҳәалоу, ауаҩы ацәгьара дацәызыхьчо, мамзаргьы иԥеиԥшу иазҳәо. Ҳаамҭазтәи адунеи аҿы аԥхьатәи ауаҩы данцәырҵыз аахижьҭеи акыр аиҭакрақәа шамоугьы, ауаҩы аԥсабара дашьклаԥшны иаԥиҵаз азгәаҭарақәа иахьагьы актуалра рыманы иҟоуп.

Книги  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.02.2021
"Хәба уџьыба иҭоушәа иԥхьаӡа": аҵара иадҳәалоу азгәаҭарақәа

Азгәаҭарақәа ауаҩы икәша-мыкәша иҟоу ашьклаԥшра иахылҿиаауеит. Уи аԥстәқәеи аԥсаатәқәеи рхымҩаԥгашьа, еиуеиԥшым аԥсабаратә цәырҵрақәа.

Иаҳҳәозар, ауаҩы зегь раасҭа изааигәоу, ицынхо аԥстәқәа – ацгәи алеи рхымҩаԥгашьала иԥеиԥшу алаидыруан. Иаҳҳәап: ацгәы аҿы анаӡәӡәо ақәа ауеит рҳәоит; ала амӡырха иқәбылгьар, ачымазара иатәуп; аигәылацәа рлақәа аибафара иалагар, ргәы еихшәоит.

Иҳәатәуп азгәаҭарақәа ауаҩы игәҭахәыцрақәа, иҩнуҵҟатәи ицәаныррақәа ирыдҳәаланы ишыҟоугьы. Аҵарауаа иазгәарҭоит ауаҩы ихәыцрақәа рыла абжьааԥны изгәамҭо амаҭәарқәагьы акы рыдибалар шалшо, уи ишахылҵуа иара ихатәы згәаҭарақәагьы. Азеиԥш згәаҭарақәа реиԥш, иҟоуп хазы игоу ауаҩы игәаиҭахьоу ихатәы азгәаҭарақәагьы.

Иаҳҳәап, аӡәы иԥынҵа дафар, асасцәа раара иатәуп ҳәа ишьоит, даҽаӡәы аимак, аисара иадиҳәалоит; аӡәы изы иарма напсыргәыҵа дафар, аԥара аанагоит, арӷьа напсыргәыҵа дафар – ицәцоит, даҽаӡәы изы акәзар, арӷьа напсыргәыҵа ибӷуазар ауп аԥара аниоуа, арма – иԥара нихуеит; џьоукы иазгәарҭоит рарӷьа лымҳа шуазар, арҽхәара иатәуп ҳәа, арма – арџьара, даҽа џьоукых уи нарҳәаарҳәны иазгәарҭоит.

Иалкааны иааҳгап аԥсуаа рҟны ихарҵо, реиҳа аԥыжәара змоу ауаҩы идҳәалоу азеиԥш згәаҭарақәак:

  • Анцәа ижә зықәтәаз маҭәа ҿыцк иоуеит, уи икәа иҭаиҵоит, мамзаргьы: "Қьааба уца, амал сзаага" ҳәа даҭәҳәаны ирԥыруеит.
  • Знапхыцқәа ашкәакәара аархәо амал иоуеит, мамзаргьы амаҭәа ҿыц.
  • Ахәы рацәаны изқәу дуаҩы мшуп.
  • Игәазҭахьоу иарма бла ԥарԥарыр, игәы иалсра акы иаҳауеит, иарӷьа бла ԥарԥарыр, игәы иахәара иаҳауеит.
  • Арӷьа лымҳа ҳәҳәар ақәа ауеит, ма арма лымҳа ҳәҳәар ҳәа игәазҭахьо ыҟоуп.
  • Ауаҩы ишьапсыргәыҵа дафар, ныҟәарҭак иоуеит.
  • Амшьҭеи алаԥши ыҟоуп, аха мышьҭас иҟоу гәуп, згәы разу имшьҭагьы бзиоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0