"Аӡы цқьа ухыԥшылозар - ажәабжь бзиа иатәуп": аԥхыӡқәа ирыдҳәалоу ажәлар разгәаҭарақәа

CC0 / / Сон
Сон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхыӡқәа рдунеи амаӡақәа ҳзаазыртуа аԥсуа жәлар разгәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Ацәа – ауаҩы зда ԥсыхәа имам, игәабзиареи иԥсҭазаареи иахәҭаку акы акәны иҟоуп. Аԥсуа жәлар рмифологиаҿы ацәа ианцәахәны ирыԥхьаӡон Напкылҵәеи Цәаблаҟи. Ашьыжь агылара зцәыуадаҩу, инамыцхәны ацәара бзиа избо изы иахьа уажәраанӡагьы ирҳәоит "Дцәарҭанхалеит" ма "Цәаблаҟы дылкит" ҳәа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Ацәа ауаҩы изы иԥсыршьагоуп, убасгьы ацәа иузаанартуеит ҵҩа змаӡам аҵыхәтәанынӡа иҭҵаам аԥхыӡқәа рдунеи.

Тихий час - Sputnik Аҧсны
Цәаблаҟи Напкылҵәеи: аԥсуа мифологиаҿы ауаҩы ицәа анцәахәқәа

Схәыҷра ашықәсқәа раан сыцәа арҭынчразы Ҭхьына ақыҭа иалиааз санду Нусиа Шьынқәба-Ашхаруа лҟнытә лассы-лассы исаҳалон абарҭ ажәақәа: "Нанду бара дбыкәыхшааит, барӷьажәҩа Ҳазшаз итәарҭоуп, бармажәҩа - аҩсҭаа. Банышьҭало аԥхыӡ бзиақәа ббаларц, Ҳазшаз дыбхылаԥшларц, барӷьажәҩа ааныжьны бармажәҩа бақәиа, нас аԥхыӡ бзиақәа ббалоит. Аҩсҭаа бымԥан дзааиӡом!" ҳәа.

Аԥхыӡ бзиа убар, жәаҳәарада угәы азнарҳауеит. Аԥхыӡқәа ирызку аилкаарақәа рҿы хшыҩзышьҭра арҭон аӡы, избан акәзар иара аԥсҭазаара, абзиара иасимволуп, аха уи инамадангьы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирҟазшьарбагоуп:

  • Ԥхыӡла аӡы ҵқьа ухыԥшылошәа убар – ажәабжь бзиа иатәуп.
  • Аӡы цқьа ухиааланы уӡсошәа убар, абзиабара цқьа узааиуеит.
  • Аӡы хәашь уаԥхьа илеиуазар – ажәабжь бааԥсы, абз, ацәгьаҳәара иатәуп.
  • Аӡы хәашь уҭаҳазшәа убар – аӡәы ацәгьа уалеигалоит, абз уаҟьашьуеит.
  • Аӡы, ма аԥсыӡ уҩныҟа инаугошәа ԥхыӡрыла иубар, аҭаацәараҿы алаӷырӡ, аԥсра иазҳәоуп.

Аԥхыӡқәа ирыдҳәалоу агәаанагарақәа, жәлар разгәаҭарақәа еиуеиԥшым амаӡақәа узаадыртуеит, иаагозар:

  • Еигәышәума, еихоума, ҳәызбоума иарбанзаалак аихаҷамаҷа уреиԥхыӡуазар, дук хара имгакәа ҭыӡшәак уақәшәоит.
  • Аԥхыӡ анубалак, уааҳәны ушьҭалар, иубаз аԥхыӡ ухашҭуеит ҳәа азгәарҭоит аԥсуаа.
  • Иԥсхьоу аӡәы ԥхыӡла дуҿасыр бзиоуп, имчра зегьы уара иуиҭоит рҳәоит.
  • Акәац еиҿыхны уҩны ишыкнаҳау ԥхыӡла иубар – ашықәсан аԥхасҭа бааԥс уоуеит.
  • Аԥхыӡ анубалак, аԥенџьыр ахь уԥшыр, иубаз аԥхыӡ ухашҭуеит рҳәоит.

"Аԥхыӡ бааԥс убар аҵкыс, ушааԥшуа иухугар еиҳа еиӷьуп" аҳәоит жәлар ражәаԥҟақәа руак. Ҳәарада, ауаҩы иибо аԥхыӡқәа еснагь еиԥшым, аԥхыӡ бааԥс убазар, иубаз ацәгьара лабҿаба иҟамларазы урықәныҟәар ауп иҷыдоу азгәаҭарақәа:

  • Аԥсуаа рҟны аԥхыӡ бааԥс анырбалак, иҩагыланы рҿы-рнапы рыӡәӡәон "аӡы шцара уцааит, аӡы шцара уцааит" ҳәа хынтә иҳәо.
  • Шьыжьы аԥхыӡ бааԥс убазар, шьыбжьаанӡа еиҭауҳәар ҵасым рҳәоит.
  • Аԥхыӡ бааԥс збаз еиҭеиҳәарц иҭахызар, заа иҿи инапи иӡәӡәароуп, нас еиҭаиҳәаз аԥхыӡ бааԥс лабҿабахом.
  • Аԥхыӡ бааԥс убар, ухчы аарҳәны иухчнуҵароуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0