АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Ахысра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеииз аопергәыԥ ишьақәдыргылеит ацәгьоура зуыз Аԥсны атәылауаҩ Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа, 1978 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо шиакәу. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.
Ахҭыс ҟалеит Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы аресторан "Аԥсны" аҟны.
Аԥсны ААР адыррақәа рыла Урыстәыла атәылауаа Филоиан А. А., Салимгариев Т. Н., Ԥлиа Д.В. ажәақәа анеимарк ашьҭахь Ԥлиа актәи ишьапҳәырӡыӡи ишьамхи дыреихсит, аҩбатәи – фынтә иармашьапи игәчамахи дыреихсит.
Ахәрақәа зауыз аԥхьанатә Гагратәи ахәышәтәырҭахь инаргеит, анаҩс Урыстәылаҟа ииаргеит.
Ахысра ҟазҵаз ихаҭа ибрыз ахы иаахеит.
Ԥлиа изныкымкәа еиуеиԥшым азинеилагарақәа рзы аҭакԥхықәрақәа идырҵахьан. Уажәы иара Ареспубликатә хәышәтәырҭа дҭоуп.
Ахҭыс азы аматериал еизыргоит.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: