Арра-тактикатә хәмаррақәа Рфедерациа аҿар аднаԥхьалоит

CC0 / / Страйкбол
Страйкбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Арра-тактикатә хәмаррақәа Рфедерациа еиҿнакааз алагер аҿар арратә ҽазыҟаҵареи аррамаҵзура ахысреи иазнархиоит.

АҞӘА, рашәара 15– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Арра-тактикатә хәмаррақәа Рфедерациа "Нерс" ирыланаҳәеит арра-дәытә лагер ахь анаԥхьара шымҩаԥысуа ԥхынгәы 10-29 рзы. Абри атәы Sputnik аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿ иҳәеит Афедерациа ахантәаҩы Денис Шашура.

Иара иажәақәа арыла алагер х-етапкны ауаа аднакылоит. Актәи аетап – ԥхынгәы 10 инаркны, аҩбатәи ԥхынгәы 20 инаркны. Ахԥатәи ԥхынгәы 29 инаркны имҩаԥысуеит. Алагер ахь ирыдыркылоит жәашықәса иҭысхьоу. Алагер аартуп Бзыԥтәи ашкол №2 аҟны.

Алагер иакурсантцәаны иҟалаанӡа аҷкәынцәа аӡԥынгылақәа, аҳәынҵәа-цәаҳәақәа ирхысуеит, анормативқәа нарыгӡоит.

"Ари зегьы аҭаацәа ирбо-ираҳауа имҩаԥысуеит. Ахәыҷқәа аангылара рҭаххар, аусхаҭа ҳалагоит:  ашьыжь асааҭ фба рзы игылоит, амакетқәа рбазала абџьар атәы рҵоит, алеишәатә дыррақәа ирхысуеит, ашьапылампыл, анапылампыл иасуеит, арратә фильмқәа ирыхәаԥшуеит", - еиҭеиҳәоит Шашура.

© Sputnik / Томас ТхайцукАрра-тактикатә хәмаррақәа Рфедерациа аҿар аднаԥхьалоит
Арра-тактикатә хәмаррақәа Рфедерациа аҿар аднаԥхьалоит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Арра-тактикатә хәмаррақәа Рфедерациа аҿар аднаԥхьалоит

Афедерациа ахантәаҩы Денис Шашура ишиҳәо ала акурсантраз рҽанырҵахьеит 30-ҩык. Аҩбатәи аетап аан 150-ҩык рҟынӡа ирзыԥшуп.

"Зегьы рҽеиҽцазыҟарҵоит. Аиҵби аиҳаби еихьыгшуеит, еиҿыԥшуеит. Қәралатәи аилибамкаара ҳақәымшәацт", - иҳәоит иара.

Шашура иазгәеиҭеит алагери афедерациеи ирхықәку аҿар арра бзиа дырбароуп.

"Аҿар арра рҽацәхьаркуа иалагеит. Иаҳҭахуп иҳалшо ала уи ҳаԥсахырц. Ишаабо ала уи алшаратәы иҟоуп", - иҳәеит иара.

Асоциалтә ҳақәа рҿы иҟоуп имҩаԥааго аус негативла иазнеиуагьы, иҳәоит Шашура.

Страйкбол  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.05.2021
Аԥснытәи акоманда "НЕРС" Москва астраикболтә хәмаррақәа рзы ахраҿа анашьахеит

"Иахьа уажәраанӡагьы ҳгәылацәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа шәарҭароуп. 1992 шықәсазы ҳҿар  аԥсадгьыл ахьчара абырсааҭкла игылеит. Убри рылаҳааӡар ҳҭахуп иахьатәи ақәыԥшцәагьы. Аԥсадгьыл хьчатәхар иҟаҵатәу шыҟаҵатәу рдыруеит. Уи иахьазы актуалра аҵоуп", - иҳәоит иара.

Артур Нерсесиан –алагер аушьҭымҭа, "Нерс" алахәыла Аԥсны ахьӡала жәларбжьаратәи аицлабрақәа дрылахәуп.

"Ари сара сзы аспорт аасҭа еиҳауп. Гәадуроуп. Сҭаацәагьы иҟасҵо иадгылоит, атәыла анҭыҵ ҳбираҟ шьҭаҳхуеит", -  иҳәоит иара.

Артур иазгәеиҭеит аԥсуа ар рҿы аррамаҵзура ахысра дшацәымыбнало, аха уи иԥсҭазаара адимҳәалар шауа.

Арра-тактикатә хәмаррақәа Рфедерациа аԥҵан 2017 шықәсазы, "Нерс" ахьыӡҵан ахықәк ҷыда змоу Ацентр аподполковник Едуард Нерсесиан ихьӡ ала.

Ажәабжьқәа зегьы
0