Аԥсны АА рминистр: атуристцәа зхәыз хәышықәса инацны дҭакхар алшоит

© Sputnik / Томас ТхайцукМВД Абхазии
МВД Абхазии  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы ахысра аҭыԥ шамаз азы Пицундатәи амилициа аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит.

АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны  Дмитри Ԥлиа иҟаиҵаз ацәгьоуразы хәышықәса инаркны ҭакрыла иқәырҵар ҟалоит.Абри атәы иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Дбар.     

"Атәылауаҩ Ԥлиа иганахь ала имҩаԥигаз ацәгьоура ӷәӷәаз иҭакразы асанкциа азҳархиоит. Ашықәс маҷымкәа иқәырҵар алшоит", - иҳәеит аминистр.

Дбар иара убасгьы иҳәеит апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы Ԥлиа иҟазаара шзиным.

"Иахьынӡаздыруа иара уа дыҟазар ахәҭамызт. Дара уа рыхьчаҩцәа ыҟоуп. Ахьчара мҩаԥызго  амилициа ракәымкәа дара роуп. Апансионат аҵакыра аркуп. Аха иара днарышьҭит. Уажәы уи аҭҵаара мҩаԥаагоит", - иҳәеит Дбар.

Рейд милиции по соблюдению антиковидных мер на транспорте - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Апансионат "Самшитовая роща" аҿы аԥсшьаҩцәа ирылахысуаз ихаҭара шьақәыргылоуп

"Пицунда, апансионат "Самшитовая роща" аҵакыраҿы ақьафурҭа "Аԥсны" аҟны рашәара 15, асааҭ 00:20 рзы ахысра аҭыԥ шамаз азы Пицундатәи амилициа аҷаԥшьаратә ҟәшахьы аҭел иасит. Аԥсны атәылауаҩ Ԥлиа Дмитри Виктор-иԥа, 1978 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа араион Лыхны ақыҭан инхо Урыстәыла атәылауаа дыреихсит", - иҳәеит иара.

Уаанӡа , лаҵарамза 17 рзы Дмитри Ԥлиа Аҟәа закәаншьаҭада абџьар амазааразы даанкылан.

"Атәыла алҵара азин изымҭоз ашәҟәы инапы иаҵарҩын рашәара 4 аҟынӡа", - иҳәоит иара.

Аминистр иҳәеит рашәара 16 рзы аминистрра Аминистрцәа реилазаарахь ахәаԥшрахь ишынарышьҭуа закәаншьаҭада абџьар амазаареи аныҟәгареи рзы ахарахараҵара арӷәӷәаразы азакәан апроект.

"Убри азы иаанкыло зегьы атәыла алымҵразы ашәҟәы анапы аҵарыҩуеит. Аԥсны ААР агәаанагарала  аҭагылазаашьа ԥсаххом ахарадҵара рыӷәӷәамхар. Уаҵәы азакәан апроект Аминистрцәа реилазаарахь инашьҭхоит, уаантәи Апарламент ахь", - иҳәеит Дбар. 

Карантинный центр в Коммунарке - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Апансионат "Самшитовая роща" аҿы ахаҵа аԥсшьаҩцәа дрылахысит

Дмитри Ԥлиа данааныркылоз азакәан еиҭаркхьазар иҟалаз ҟаломзт иҳәоит аминистр.

"Азакәан рыӷәӷәатәуп. Избанзар  есыҽны атәылаҿ хнызқь рҟынӡа абџьар рылыргоит. Азакәан рыдыркылар аҭагылазаашьа ԥсаххоит", - иҳәеит Дмитри Дбар.

Иара убасгьы иҳәеит Аԥсны ААР аусзуҩцәа ишырыхьчо зхатә хьчара змам атурист обиектқәа.

""Самшитоваиа роща" иарку обиектуп. Иаҳзеилкаауам  апансионат аҵакырахь дышнеиз. Абжьгара ҟаҳҵоит аусбарҭанҭыҵтә хьчара рыдрыԥхьалаларц", - иҳәеит Дбар.

Ажәабжьқәа зегьы
0