Аԥсны закәаншьаҭада аус зуаз акриптофермақәа ааба адыркит

CC0 / / Криптоферма
Криптоферма  - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР имҩаԥнагоит есыҽнытәи аусурақәа акриптовалиута закәаншьаҭада аиуразы акриптофермақәа раарԥшреи русура аԥкреи рзы, уаанӡа афымцамчҳақәа ирҿыгаз аобиектқәа ирышьклаԥшуеит.

АҞӘА, рашәара 15 - Sputnik. Аԥсны аҵакыраҿы акриптофермақәа раарԥшразы агәаҭарақәа раан рашәара 1-14 рыҩныҵҟа иаарԥшын аа-фермак. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР.

Акриптоферма ду аарԥшын Гал араион аҿы. Иқәгылан 184 аппарат. Аферма афымцацәаҳәа иаҿыхны  408 000 мааҭ рыхә ахараԥса ылҩаан.

Аҟәа иаркын аус зуаз амаининг-обиектқәа, 17 аппарат, акриптовалиута аиуразы иқәыргылаз русура нкылан. Афермақәа зхатәыз рганахь ала административтә ԥкаанҵақәа шьақәыргылан.

Гәдоуҭа араион аҿгьы х-фермак афымцамчцәаҳәақәа ирҿыган, русура аанкылан 128 аппарат. Урҭ амҳәыр раархан.

Гагра араион аҿы 17 аппарат аарԥшын. Урҭ рзеиԥш фымцамчхархәара 28,5 киловатт ыҟан.

Иарбоу аамҭа аҩныҵҟала иеиҭагәаҭан уаанӡа зусура ԥкыз 89 криптоферма.

Аԥсны акриптовалиута арҳареи уи азы ахархәагақәа ралагалареи рзин аанкылоуп 2022 шықәса хәажәкыра 31 рҟынӡа. Аӡбара рыдкылан Аԥсны афымцаенергетикатә ресурсқәа рхархәара аҭышәныртәаларазы, афымцамч адефицит азгәаҭаны, аҳақәа реидара авариақәа рахь ишкылнаго иазхьаԥшны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0