Владимир Путин ԥхьатәара дцар Урыстәыла шәарҭарак шамыхьуа агәра игоит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с министром сельского хозяйства РФ Д. Патрушевым
Президент РФ В. Путин встретился с министром сельского хозяйства РФ Д. Патрушевым - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ахада Владимир Путин америкатәи ателеилахәыра NBC аинтервиу аҭо иҳәеит дишьҭрақәлаҩны дшибо Урыстәыла бзиа избо, аконструктивтә дунеихәаԥшышьа змоу ауаҩы.

АҞӘА, рашәара 15 – Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин иара дықәҵыр Урыстәыла шәарҭарак шамыхьуа агәра игоит. Абри атәы аҩуеит РИА Новости.

Путин Урыстәыла иарбан напхгаратә формоу ианаало атәы далацәажәеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.01.2020
Путин Урыстәыла иарбан напхгаратә формоу ианаало атәы далацәажәеит

"Атәыла еилаҳауам бырсааҭкла", - абри аҩыза алкааҟаҵара аҵубаауан америкатәи ателеилахәыра NBC ажурналист изҵаара Путин аинтервиу анимихуаз. Иара игәалаиршәеит Аконституциа ариашарақәа – Путин 2036 шықәсанӡа иҭыԥ аҿы иаанхара алзыршо, дҵааит Урыстәыла иаԥеиԥшхозеи ҳәа.

"Бырсааҭкла еилаҳауазеи? <...> иахьазы апроблемақәа шырацәоугьы аҭагылазаашьа аҽакуп. Даҽаӡә дааишт сҭыԥ аҿы. Нас зегь еилаҳараны изыҟоузеи?", - деиҭаҵааит ахада.

Путин иҳәеит 2000 шықәсазы, амчрахь даннеиз Урыстәыла асуверенитет ацәыӡуама уҳәо ишыҟаз.

Ауаа аӷарра иакны иагон. Иахьа апроблемақәа шыҟоугьы уи аҩыза аҭагылазаашьа ыҟам ҳәа иԥхьаӡоит Путин.

Путин иҳәеит ишьҭрақәлаҩцәа иидыруа ала адгылара шриҭало урҭ атәыла амаҵ азура ишазыхио ибозар.

"Аԥсадгьыл бзиа избо, зыԥсҭазаара ақәызҵар зҭаху ауаҩы дызбар, уи сара дшысзыҟазаалакгьы исылшо зегь ҟасҵоит арҭ ауаа рыдгыларазы", - иҳәеит иара.

Ахада иазгәеиҭеит дарбанызаалак мышкызны дшыԥсаххо, ари апроцесс ԥсабаратәуп ҳәа ахиҳәааит.

Инаҵшьны иазгәеиҭеит иара иԥсҭазаара зҵакы дуум хҭысны ишыҟоу, ихадароу атәылеи ажәлари рыԥсҭазаара шыҟалаша шакәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0