Аҩӡба: аибашьра ишалагоз азы Сталин иԥшыхәцәа ирҳәоз хаимҵеит, аиқәшаҳаҭра агәра игон
"Аҵыхәтәантәи агәаанагарақәеи адыррақәеи рыла (Сталин) аинформациа иман, аха агәра игомызт. Аҭҵаамҭақәа ишырҳәо ала, иара шықәсыбжак шыбжьазгьы арыцхә иарҳәахьан аԥшыхәцәа, аха агәра изгомызт ҳәа ауп иахьатәиала агәаанагара шыҟоу, ус рыԥхьаӡоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҭоурых ҭызҵаауа. 1939 шықәса нанҳәамзазы асовет ҳәынҭқарреи Гитлери аиқәшаҳаҭра рнапы аҵаҩны ирыман "Еибашьрала ишқәымло азы апакт", 10 шықәса ҳәа ҽҳәарас иаҭаны, убри акәын зыгәра игоз", - иҳәеит Аҩӡба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аефир аҟны.