Аинвалидцәа Рассоциациа гәдоуҭатәи аофис амца акит

Анапаҵаҩра
Амцакра ҟалеит рашәара 22 асааҭ 12:30 азы. Абри аамҭазы аофис аҩныҵҟа аӡәгьы дыҟамызт.

ГӘДОУҬА, рашәара 22 - Sputnik, Бадри Есиава. 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рассоциациа Гәдоуҭатәи рофис блит. Абри аан аӡәгьы ааха имоуит ҳәа ааицҳауеит аҭыԥ аҟынтәи Sputnik акорреспондент.

Аҭыԥ аҿы аус руеит Аԥсны АҶА аусзуҩцәа. Амцакра ҟалеит рашәара 22 асааҭ 12:30 азы. Абри аамҭазы аофис аҩныҵҟа аӡәгьы дыҟамызт.

Аофис Марганиа имҩа 30 аҿы игыло амузыкатә школ актәи аихагылаҿы иҟан. Амцакра иахҟьаны иблит акомпиутертә техника, аҩнымаҭәа, аҭуан, аҭӡамцқәа. Адокументқәа реиҳарак реиқәырхара алыршахеит.

Ахыбра шәышықәса еиҳаны иахыҵуеит. Акапиталтә ремонт зныкгьы иазуымызт. Ахыбраҿ иҟоу амузыкатә школ ауадақәа ԥырхага рмоуит.

Амцакра зыхҟьаз ашьақәыргылара иаҿуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0