Алаҵа "Спутник V" аҵҟьаратә маҭәашьар алам

© Sputnik / Магда Хибелли / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВакцинация от коронавируса в Венесуэле
Вакцинация от коронавируса в Венесуэле - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Анапаҵаҩра
Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра нанҳәамзазы ашәҟәы иҭанагалеит алаҵа "Спутник V". Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭаҩуп.

АҞӘА, рашәара 23- Sputnik. Аҿкычымазара аҟынтәи алаҵа "Спутник V" аҵҟьаратә маҭәашьар алам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Гамалеи ихьӡ зху аепидемиологиеи амикробиологиеи рцентр алабораториа анапхгаҩы Владимир Гушьин.

Проведение вакцинации от COVID-19 мобильными бригадами в Новосибирске - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
"Спутник V" аҭыжьҩы: алаҵа COVID-19 уацәнахьчоит

"Алаҵа аҵҟьаратә маҭәашьар алам.  Ари алаҵа аҟаҵаразы ахархәара рыҭоуп ауаҩԥсы ихыцқәа, аферментерқәа, абиореакторқәа рҿы иаладырҵәо", - иҳәеит Гушьин "Соловьев LIVE" YouTube-канал аефир аҿы.

Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра ашәҟәы иҭанагалахьеит алаҵақәа ԥшьба: "Спутник V" Гамалеи ихьӡ зху Ацентри РФПИ-и еицыҟарҵеит. Ари алаҵа адунеи аҟны раԥхьаӡа акәны COVID-19 хызҽуа ҳәа иҭаҩуп. Жьҭаарамзазы иҭанаҩит даҽа лаҵакгьы - "ЭпиВакКорона", уи новосибирсктәи ацентр "Вектор" иаԥнаҵеит. Иара убасгьы Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистрра иҭанаҩит COVID-19 хызҽуа ахԥатәи алаҵа "КовиВак". "КовиВак" аԥҵоуп Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу М.П. Чумаков ихьӡ зху Аиммунологиатә препаратқәа рыҭҵаареи аус рыдулареи рфедералтә ҭҵаарадырратә центр аҟны, иара убас иҭыжьуп алаҵа "Спутник V" актәи ахәҭа "Спутник Лайт.

Алаҵаҟаҵара мҩаԥысуеит Урыстәыла арегионқәа зегьы рҿы.

Рашәара 19 азтәи адыррақәа рыла Аԥсны алаҵа "Спутник V" рзыҟарҵахьеит 3580-ҩык.

Ажәабжьқәа зегьы
0