Ԥхынгәы инаркны акадифа аамҭанӡа Аԥсны аԥсшьара ахәԥса азыԥхьагәарҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукНабережная Гагры
Набережная Гагры  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Анапаҵаҩра
Апандемиа аныҟамыз 2019 шықәса иаҿырԥшны Аԥсныҟа атурқәа рҭахра 30 - 70% иазҳаит.

АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Урыстәылатәи атуроператорцәа еиҭарҳәоит ԥхынгәы-нанҳәа амзақәеи акадифа аамҭеи рзы аԥсшьараз Аԥсны заанаҵтәи аҿаҵарақәа ртәы. Аекспертцәа иара убасгьы иалацәажәеит Ҭырқәтәылаҟа ааартра ашьҭахь ареспубликаҿы рыхәԥсақәа шышьақәгылоу атәы. Аҟазауаа ргәаанаграқәа атәы еиднакылеит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа.

Амилаҭтә туроператор АЛЕАН аԥснытәи ахырхарҭа анапхгаҩы Сергеи Косилов иазгәеиҭеит, Аԥсны аԥшьбатәи аҭыԥ шааннакыло аҩныҵҟатәи ахырхарҭақәа рыбжьара аҭирақәа рреитинг аҿы: Ҟәыбина, Ҟрым, Кавказтәи аминералтә ӡқәа.

Возобновление авиасообщения между Россией и Турцией - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2021
Урыстәылантәи Ҭырқәтәылаҟа ицо аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара азы азԥхьагәаҭа ҟарҵеит

Убри аан урыстәылатәи атуристцәа иалыркаауеит Гагра, Пицунда, Аҟәа.

Аекспертцәа ргәаанагарала аԥснытәи аотельқәеи апансионатқәеи ԥхынгәымзеи нанҳәамза аԥхьатәи азыбжази иҭәуеит 90-100% абиуџьеттәии инеиҳау ахәԥсақәа рҿы.

Аԥснытәи ахырхарҭа аҭаххара нанҳәа, цәыббра, жьҭаара амзақәа рахьгьы ииасуеит. Сергеи Косилов ишиҳәо ала Аԥсны аԥсшьаратә хыбрақәа реиҳарак иазыԥхьагәарҭоит абҵара 1 аҟынӡа аусура.

Атуроператор "Интурист" апресс-маҵзура адыррала Аԥснытәи аобиектқәа жәпакы stop sale рзынарышьҭхьеит жьҭаара 10 рҟынӡа аамҭа аҟынӡа.

"Вестник АТОР" иаҩуеит аҳәаақәа рыркра иахҟьаны Аԥсны 2021 шықәсатәи асезон 2019 шықәсатәи аԥсшьаратә аамҭа иаҿырԥшны 10-30% ахәԥсақәа ирызҳаит. Ус шакәугьы Аԥсны аԥсшьара биуџьеттәуп 15-20% рыла Шәача иадукылозар.

Сергеи Косилов АЛЕАН аҟынтә иҳәоит аԥснытәи акурортқәа рҿы аԥсшьара 25% рыла ишеиҵахо ҟәыбинатәи акурортқәа рҿы аасҭа.

"Реиҳа зыхә дуу аԥснытәи аотельқәа рҿы амчыбжь азы бжьаратәла анхара 200 000 мааҭ ишеиҳам", – иҳәеит Косилов.

Аҟазауаа ирҳәеит Ҭырқәтәыла ахынҳәра аԥснытәи аотельқәа рҿы ахәԥсеиҿкаара анырра шазыҟарҵо.

Ажәабжьқәа зегьы
0