АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 437-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 138-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭаҿы лыԥсҭазаара далҵит 1986 шықәсазы ииз акоронавирус злаз апациентка.
Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 78-ҩык, урҭ рахьтә 78-ҩык акоронавирус адиагноз рзышьақәыргылоуп, рҭагылазаашьа бааԥсуп 22-а, ибжьаратәуп - 24-ҩык.
Аҟәатәи аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы ирхәышәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы пациент, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәышәтәуеит 25-ҩык, Гагратәи ахәышәтәырҭаҿы - 30-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәышәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.
Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>