Аус зымуа аихабетонтә зауад "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал ақәуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЧерноморэнерго
Черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Анапаҵаҩра
Гагра араион Бзыԥ ақыҭан иҟоу аихабетонтә зауад 2019 шықәса раахыс Аҳәынҭеилакы иахатәтәны иҟан.

АҞӘА,ԥхынгәы 1– Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гагра араион Бзыԥ ақыҭан иҟоу аихабетонтә зауад  "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа 32 миллион ауал ақәуп, абри атәы лҳәеит Аминистрцәа реилазаараҿы  аекономика аминистр Кристина Озган.

Банкноты номиналом 2000 рублей. - Sputnik Аҧсны, 1920, 30.06.2021
Анқәаб "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа ауал зқәу абиуџьеттә еиҿкаарақәа дрылацәажәеит

Лара лажәақәа рыла азауад аҵакыраҿы ҩышықәса аус ауан ааигәа иаарԥшыз акриптоферма.

Аминистрцәа реилазаараҿы иалацәажәан 2019 шықәса жьҭаара 8 азтәи ақәҵара аԥыхзарц. Ақәҵара инақәыршәаны "Аԥсныргылара" иатәыз аихазауад Аҳәынҭеилакы иахатәтәны иҟан.
Аминистрцәа реилазаара аппарат анапхгаҩы Давид Cангәлиа иажәақәа рыла аобиект аимдара закәаншьаҭада, Аекономика аминистрра ақәшаҳаҭрада имҩаԥган.

Аԥыза-министр иӡбрала ахыбра "Аԥсныргылара" иазырхынҳәхоит.

Аилатәараҿы аԥыза-министр Александр Анқәаб иазгәеиҭеит "Амшынеиқәафымцамч" аҿаԥхьа абиуџьеттә еиҿкаарақәа 93 миллион мааҭ аԥара шрықәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0