Аԥсны рашәара 15 аахыс амаининг фермақәа фба аарԥшын

© Sputnik / Томас ТхайцукМайнинг
Майнинг  - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ААР аусзуҩцәа есыҽны иаалырҟьаны агәаҭарақәа мҩаԥыргоит ареспублика аҵакыраҿы амаининг фермақәа раарԥшразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Рашәара 15 инаркны рашәара 30 рҟынӡа амаининг фермақәа фба аарԥшупа иаалырҟьаны агәаҭарақәа рымҩаԥгараан ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР апресс-маҵзура.

Майнинг-ферма на территории технополиса Москва - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.05.2021
Аԥсны иалган 160 миллион рыхә амаининг-аппаратқәа

Очамчыра араион афымцахылаԥшразы Аҳәынҭстандарт адепартамент ахаҭарнакцәа алархәны имҩаԥысуаз агәаҭарақәа раан Ԥақәашь абнараҿы иаарԥшын аферма х-контеинерки ҩ-трансформаторки, 220 маининг-шьақәгылеи рыла еибыҭаз. Ахыбра аусура алагара иазырхиан. Уажәызы аԥшәмацәа иқәыргеит.

Тҟәарчал араион уаанӡа афымцамч иаҿыхыз амаругақәа ықәган.

Гәылрыԥшь араион Маҷара ақыҭан ахатәы ҩнаҿы иаарԥшын аус зуаз амаининг-ферма. Аԥшәма иганахь ала административтә ԥкаанҵа шьақәыргылан. Амаругақәа рзеиԥш мчхара 65 киловатт инаӡон. 45 хархәага Аԥсны ААР аҵәахарҭахь инаган.

Пицундатәи аԥсаатәааӡарҭаҿы иԥшааз амаругақәагьы аҵәахырҭахь инаган.

85,1 киловатт амчхара иҟаз амаининг-ферма 159 цырала ишьақәгылаз Цандрыԥшь иԥшаан. Аԥшәма административтә ҭакԥхықәра идҵоуп.

Административтә ԥкаанҵақәа ҩба шьақәыргылан Аҟәа .

Аԥсны ААР апресс-маҵзура акриптовалиута закәаншьаҭада аиура мҩаԥызго рзы адыррақәа абарҭ аҭелқәа рыла иҟауҵар шалшо атәы аҳәоит: аҷаԥшьаратә хәҭа +7 (840) 226 41 41, УЕБ, ПК +7 (940) 927 28 46, WhatsApp и Telegram +7 (940) 920 20 95.

Ажәабжьқәа зегьы
0