Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Гәбаз Аҟәа аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭазы: ас еиԥш исгәалашәом

© SputnikЭдуард Губаз
Эдуард Губаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.07.2021
Анапаҵаҩра
Амшцәгьа иахҟьаны аботаникатә баҳча иаҭоуп ааха ӷәӷәа, иҳәеит уи аиҳабы Едуард Гәбаз арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы.
Гәбаз Аҟәа аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭазы: ас еиԥш исгәалашәом

Амҽыша ахәылбыҽха иасыз аԥшатлакә Аҟәа аԥхасҭа анаҭеит: асасааирҭақәеи аҩнқәеи рхыбқәа рықәнахит, аҵлақәа канажьит. Аԥсыҭбара ыҟаӡам. Аԥсны ахәҭаки Аҟәеи ӡыдеи фымцалашарадеи иаанхеит. Аԥшатлакә иҟанаҵаз аԥхасҭа аԥыхразы Аҟәа ақалақь ахадараҿы иаԥҵоуп аоперативтә штаб. Уи напхгара аиҭоит аҳҭнықалақь аиҳабы Беслан Ешба.

"Аԥшацәгьа иҟаз даара ааха ду ҳнаҭеит, акакала иҟаз хәы змаӡам аҵиаақәа хәба каҳаит, даара ақәра ду змаз иԥшӡаз аҵлақәа, аҵиаақәа ракәын дара. Ари аботаникатә баҳчаҿоуп. Хдендропарк аҿы ҳамнеицт, уахьгьы угәы иахәаша ҟамлар ҟалап, уа иаҳа иҳаракуп, еиҳа ааха аиуит ҳәа сгәы иаанагоит. Аԥшацәгьа ҟалаанӡа ақәа ӷәӷәаны иауит, адгьыл арԥсааит, адацқәа кәадахеит, акаҳаразы иманшәалахеит. Иахьа еиԥш ааха ду ҳнаҭаны ҳәа, шамахамзар, исгәалашәом. Ҳадгьыл ҵакыра ахьмаҷу иахҟьаны ҳҵиаақәа акакалоуп ишеиҭаҳау",- иҳәеит Гәбаз.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар шәылшоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0