Ҳазреҭ Совмен Аԥсныҟа иааишьҭыз аԥара абжак ала COVID аҟынтәи алаҵа аархәоит

© Sputnik / Кирилл Брага / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПожилых жителей Волгограда бесплатно отвозят на вакцинацию от COVID-19
Пожилых жителей Волгограда бесплатно отвозят на вакцинацию от COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсуа телехәаԥшра иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит ԥхынгәы анҵәамҭазы - нанҳәа алагамҭазы Аԥсныҟа акоронавирус аҟынтәи урыстәылатәи алаҵа даҽа партиак аарышьҭуеит ҳәа ишазыԥшу.

АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Адыгеиатәи Ареспублика уаанӡатәи ахада, амеценат Ҳазреҭ Совмен Аԥсныҟа ацхырааразы иааишьҭыз аԥарақәа рыбжала иаахәахоит акоронавирус аҟынтәи алаҵа. Абри атәы иҳәеит аҳәынҭқарра ахада ԥхынгәы 12 рзы имҩаԥигаз аизараҿы ҳәа аанацҳауеит Аԥсныпресс.

Иара убас арҭ аԥарақәа рыла Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭазы иаахәахоит ареанимобилтә машьына, Аҟәазы ацхыраара лас амашьынақәа ҩба.

Ҵыԥх абҵарамзазы Адыгеиатәи Ареспублика уаанӡатәи ахада, амеценат Ҳазреҭ Совмен Аԥсныҟа иааишьҭит 50 миллион мааҭ акоронавирустә инфекциа аҿагылараҿы цхыраагӡас. Ԥхынгәы 9 рзы еилкаахеит акоронавирустә инфекциа аҿагыларази азинхьчаратә усбарҭақәа рыцхраарази Ҳазреҭ Совмен Аԥсны 50 миллион мааҭ ҳамҭас ишазааишьҭыз.

Алаҵаҟаҵаратә кампаниа Аԥсны иалагеит лаҵара 11 рзы. Ауаа ирыларҵоит урыстәылатәи алаҵа "Спутник V". 6,5 нызқь доза иҟаз актәи апартиа атәылахь иааган мшаԥымза анҵәамҭазы. Ԥхынгәы 13 рзы иҟоу адыррақәа рыла алаҵа актәи апартиа нҵәахьеит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0