Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьонуа Кәыдрытәи аиҩхааҿы ибгаз ацҳа иазкны

© Sputnik / Томас ТхайцукСергей Джонуа
Сергей Джонуа  - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.07.2021
Анапаҵаҩра
Гәылрыԥшь араион Ажара ақыҭа ахада Сергеи Џьонуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Гьанҵәыш ибгаз ацҳа атәы.
Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Џьонуа Кәыдрытәи аиҩхааҿы ибгаз ацҳа иазкны

Кәыдрытәи аиҩхаа Гьанҵәыш ақыҭа иахьаҵанакуа ацҳа ҭабгеит. Уи ахҵаразы иаахәатәуп иҷыдоу еибырҭо-еимырхуа автомҩатә цҳа, уи 9 200 000 мааҭ иаԥсоуп, абри атәы Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб атәыла ахада Аслан Бжьаниа изеиҭеиҳәеит ԥхынгәы 5 рзы имҩаԥысыз реилацәажәараан.

"Ацҳа аура 64 метра иҟоуп, азганк ҭаҳаит. Аҟаҵара уадаҩхоит. Макьана аӡы дууп, аӡ ду аҿы аҟаҵара иара иаԥырхагахоит. Нырцәҟа ауаа нхоит, аха шьапыла еиҭанеиааиртә иҟоуп. Аҟаҵаразы ҳәа макьана ишәасҳәо сыздырым. Аха ирлас иҟаҵатәу цҳауп, амҩа хадоуп. Аамҭала ацҳа иагьа ибзиан иҟауҵаргьы, еиҭа иаҳцәагоит. Иара ԥхасҭахоижьҭеи акрааҵуеит. Ҳацхрааит излауаз ала, ак ҭаҳарҭәеит, аӡы аваҳгеит, аха иаҳзаанымкылеит. Кәыдры иаӷьны иаауеит, аанкылара цәгьоуп. Аҟаҵара ауеит, аха иӷәӷәоу атехника аҭахуп, аспециалистцәа бзиақәагьы", - еиҭеиҳәеит Џьонуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0