Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аиҿахысра далахәуп ҳәа агәҩара ззыҟаз дарбаандаҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукСухумский Городской суд
Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2021
Анапаҵаҩра
Асабша ԥхынгәы 17 ахәылԥаз Аҳабла ҿыц аҿы аиҿахысра ҟалеит, уи иахҟьаны ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, аӡәы ахәрақәа иманы ахәшәтәырҭаҿы дышьҭоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Аӡбаҩ Асҭамыр Тәанба ихантәаҩрала имҩаԥысуаз Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ақәшаҳаҭхеит Аслан Зыхәба ирбаандаҩразы аҳәынҭқарратә харадҵаҩ иҟаиҵаз азыҳәа.

МВД РА - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.07.2021
Аҟәа Аҳабла ҿыц аҿы иҟалаз аиҿахысра иалахәызи иҟалаз шыҟалази атәы рҳәеит

Аслан Зыхәба Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 217 ахәҭа 2 ала иазԥхьагәаҭоу ацәгьоура иуит ҳәа ишьоуп (абџьар, уи ахәҭа хадақәа, аџьаԥҳаны, иԥжәо амаҭәашьарқәа, иԥжәо амаҭәарқәа изакәанымкәа раахәара, ҽаӡәы иҭара, рыҭира, рыҵәахра, рымҩангара ма рныҟәгара, гәыԥҩык ауаа заанаҵ еибыҳәаны имҩаԥыргаз).

Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа аӡбарала Аслан Зыхәба ҩымз, 2021 шықәса цәыббра 19 рҟынӡа дырбаандаҩхоит.

Аиҿахысра ашьҭахь Аслан Зыхәба ахәра иманы Ареспубликатә хәышәтәырҭахь днаган. Уа амедицинатә цхыраара ирҭеит, анаҩс Аԥсны ААР  амедицинатә усҳәарҭа ҷыдахь диаргеит.

Ари аиҿахысра далахәын ҳәа агәҩара ззыҟоу Игор Гәдалиа ԥхынгәы 18 рзы амилициа аусзуҩцәа дааныркылеит. Уи иганахьала аусҭҵааратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит.

Агәҩара ззыҟоу даҽаӡәы Гарри Аҩӡба иаанкыларазы аоператив-усԥшааратә усмҩаԥгатәқәа ирыцырҵоит.

Ақәҵара ахашшаара ҟалоит Иреиҳаӡоу аӡбарҭаҿы иара анрыдыркыла ашьҭахь хымш рыҩнуҵҟа.

Сухумский Городской суд  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.07.2021
Аҟәа араион ҿыц аҿы иҟаз ахысра иалахәыз рхарахгара шьақәдыргылоит ԥхынгәы 21 рзы

Ашьаус аматериалқәа рыла, ԥхынгәы 17 асааҭ 20:00 рзеиԥш Руслан Гәдалиа, Игорь Гәдалиа, Гарри Аҩӡба, Аслан Зыхәба заанаҵ еибыҳәаны амцабџьари аџьаԥҳани рыманы, изакәанымкәа Аслан Зыхәба зыԥсҟы икыз автомашьына "Nissan Skyline" ала имҩанганы инеит Аҟәа ақалақь В.Лакоба имҩеи Цәыббра 30 амҩеи реихысырҭаҿы игылоу ауарашыжәырҭахь Беслан Ӡыба иқәшәарц. Ари агәыԥ еиҭа хҩык рыцын даҽа машьынак иақәтәаны.

Аиԥылараан Беслан Ӡыбеи Руслан Гәдалиеи, Аҩӡбеи, Зыхәбеи аимак рыбжьалеит, аисра иалагеит. Убри аамҭаз Беслан Ӡыба ишьақәыргылам амцабџьар ааҭиган, ишидыруаз Руслан Гәдалиа диеихсны дишьит, Аслан Зыхәба дихәит. Ари зегьы амашьынаҟынтәи избоз автоматтә бџьар змаз Игор Гәдалиа азеиԥшшәарҭаразы аҭагылазаашьа аԥҵаны жәантә еиҵамкәа ауарашыжәырҭа ахыбра иарбаны дхысуан, убас ала Беслан Ӡыба дишьит.

Ажәабжьқәа зегьы
0