Аԥсны акоронавирус 145-ҩык ишрылаз аадырԥшит иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла

© Sputnik / Евгений Биятов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛаборатория по производству реагентов для экспресс-тестов на коронавирус в "Сколково"
Лаборатория по производству реагентов для экспресс-тестов на коронавирус в Сколково - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.07.2021
Анапаҵаҩра
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 20925-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16750-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 285-ҩык.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 550-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 145-ҩык рцәа акоронавирус шалаз аадырԥшит, абри атәы аанацҳауеит Ауааԥсыра COVID-19 рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.

Абыржәтәи аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 192-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 63-ҩык, ибжьаратәуп - 54-ҩык.

Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 41-ы пациент, урҭ рахьтә 17-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит 23-ҩык, рҭагылазаашьа уадаҩуп- ааҩык. Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 45-ҩык, урҭ рахьтә жәаҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы - 15-ҩык апациентцәа.

Акоронавирус иазку ажәабжьқәа зегьы шәрыԥхьар ҟалоит абра>>

Ажәабжьқәа зегьы
0