Риҵатәи амилаҭтә парк адиректор еиҭеиҳәеит ԥхынгәымзазы атуристцәа заҟаҩ рҭааз

© Sputnik / Томас ТхайцукОзеро Рица
Озеро Рица - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.07.2021
Анапаҵаҩра
Риҵатәи амилаҭтә парк 2021 шықәса актәи азыбжазы 1996 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны арекорд шьақәнаргылеит ҭаарала.

АҞӘА, ԥхынгәы 23 – Sputnik, Бадри Есиава. Риҵатәи амилаҭтә парк аҭаара еиҳа-еиҳа еиҳахоит, ԥхынгәы иалагазар, 100 000 билеҭ ҭиуп адуцәа рзы, 7000 билеҭ – ахәыҷқәа рзы. Иааидкыланы 35,4 миллион мааҭ рыхәԥсала ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апарк адиректор Адамыр Багаҭелиа.

Иара иажәақәа рыла, 2021 шықәса ажьырныҳәа-ԥхынгәы ирылагӡаны абилеҭқәа рыман апарк иҭалеит 328 000-ҩык адуцәеи 19 000-ҩык ахәыҷқәеи (116,9 миллион мааҭ).

2020 шықәса аковидтә ԥкрақәа ирхырҟьаны асезон ахьыркьаҿыз азы 2019 шықәса иаҿырԥшуп.

Багаҭелиа иажәақәа рыла, 2019 шықәса абри аамҭазы иҭиин адуцәа рзы 150 000 билеҭ, ахәыҷқәа рзы 18 000 билеҭ (54,3 миллион мааҭ).

Риҵатәи амилаҭтә парк 2021 шықәса актәи азыбжазы 1996 шықәса абри аамҭа иаҿырԥшны арекорд шьақәнаргылеит ауаа рҭаарала.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:

Ажәабжьқәа зегьы
0