Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра абыжьбатәи арратә база 103 шықәса ахыҵит

© Foto / Facebook/Посольство России в АбхазииСедьмая военная база Минобороны России в Абхазии отметила 103-ю годовщину
Седьмая военная база Минобороны России в Абхазии отметила 103-ю годовщину - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.07.2021
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ иатәу арратә базаҿы имҩаԥысит Кутузов, Жуков, Аеҵәа ҟаԥшь рорденқәа занашьоу Краснодартәи Абираҟ ҟаԥшь иатәу Урыстәыла Аладатәи арратә округ абыжьбатәи абаза 103 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьаратә усмҩаԥгатәқәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Асабша ԥхынгәы 24 рзы Гәдоуҭа иҟоу арратә қалақь аҿы имҩаԥысит Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра абыжьбатәи арратә база 103 шықәса ахыҵра иазкыз агәырӷьаратә митинг.

Аусмҩаԥгатә иалахәын атәыла ахада Аслан Бжьаниа, Аԥсны атәылахьчара аминистрра, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин, араионқәа рхадацәа, Аҟәа-Аԥснытәи Аепархиа ахантәаҩы. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура. 

Арратә база ареспубликаҿы иҟоуп Урыстәылеи Аԥсни жәабран 17 2010 шықәсазы ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны. 

Алексеи Двинианин иазгәеиҭеит Урыстәыла арбџьармчқәа Аԥсны иахьыҟоу аҵак ду шамоу Урыстәыла аладатәи аҳәаақәа ршәарҭадарази Аԥсны асуверенитет ахьчарази.

Ацҳаражәҳәаҩ иҭабуп ҳәа реиҳәеит абаза анапхгареи аруааи имҩаԥырго аусуразы, ирзеиӷьеишьеит агәабзиареи аихьӡарақәеи.

© Foto / Facebook/Посольство России в АбхазииАԥсны иҟоу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра абыжьбатәи арратә база 103 шықәса ахыҵит
Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра абыжьбатәи арратә база 103 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны
1/3
Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра абыжьбатәи арратә база 103 шықәса ахыҵит
© Foto / Facebook/Посольство России в АбхазииАԥсны иҟоу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра абыжьбатәи арратә база 103 шықәса ахыҵит
Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылахьчара аминистрра абыжьбатәи арратә база 103 шықәса ахыҵит - Sputnik Аҧсны
2/3

3/3

Асасцәа рзы иқәгылеит Краснодартәи атәылаҿацә арҿиаратә колективқәа, иара убас аруаа еизаз иддырбеит напышьашәала аиқәԥашьа.

Военнослужащие ЮВО отметили 27-ю годовщину начала миротворческой операции в Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.06.2021
Аҭынчреиҿкааҩцәа рмиссиа Аԥсныҟа рааира 27 шықәса ахыҵра азгәарҭеит

Кутузов, Жуков, Аеҵәа ҟаԥшь рорденқәа ирызку Краснодартәи Абираҟ ҟаԥшь иатәу Урыстәыла Аладатәи арратә округ абыжьбатәи абаза 9-тәи амотохысратә дивизиеи, Кутузов иордени Аеҵәа ҟаԥшь аордени занашьоу, 131-тәи Краснодартәи хаз игоу амотохысратә дивизиа Ҟәбантәи аказакцәа рбригада иазиншьҭрақәлаҩуп.

2008 шықәса нанҳәамзазы Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра ақәҵарала, ари архәҭа зегьы Аԥсны Аҳәынҭқарра Гәдоуҭа ақалақь ахь ииаргеит, иагьахьыӡҵахеит 7-тәи арратә база ҳәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0