Ԥхынгәы 26-27 ауха Аԥсны ақәа ӷәӷәӷа леит, аӡқәа хыҵит. Аӡиасқәа ҩ-метрак еиҳаны иахьышьҭыҵыз ыҟоуп. 350 ҩны аӡы рыҵалеит.
"Ари аҭагылазаашьа зыхҟьоу адунеи аҿы имҩаԥысуа аҳауатә еиҭакрақәа роуп. Ари жәларбжьаратәи проблемоуп. Ҳазҭоу ашәышықәсазы ас еиԥш аԥсабаратә цәырҵрақәа рацәахоит, еиҳарак, 2030 шықәсанӡа. Аԥхын Аԥсны аарҩареи ақәыршҩықәа рылеи ишьақәгылоуп. Аҳауа ашоура 10 градуск еиҳаны иара анорма аиҳа аҵкыс ианышьҭыҵ, уи иаанаго иҟалоит аԥшаласра, уи ашьҭахь ақәыршҩы. Ҳӡиасқәа дуқәа рҿы абӷанҷ уҳәа ҭыргоит, иаҳа имаҷу аӡиасқәагьы рыцқьалатәуп. Аҵиаа рацәаны уа игылоуп, еималаны иҟоуп иара аӡы злацо амҩа, ари зегьы аҭыԥ иқәҵатәуп", - еиҭалҳәеит Ахсалԥҳа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Ақәаршҩы ааха рнаҭеит Аҟәа ахәҭаки Гәылрыԥшь араиони ӡыла еиқәзыршәоз аӡыӡгагақәа
-
Аӡхыҵрақәеи аԥша ӷәӷәеи: Аԥсны илеиз ақәаршҩы аԥхасҭа ҟанаҵеит
-
Ԥҳазариа еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны Хыԥсҭа ақыҭа иаиуз аԥхасҭа атәы