Гәдоуҭа ахада еиҭеиҳәеит амшцәгьа иахҟьаны араион иаиуз аԥхасҭа атәы

© Foto / Департамент ЖКХ Администрации г. СухумВ Келасуре смыло 120-метровый напорный водовод
В Келасуре смыло 120-метровый напорный водовод - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 26-27 ауыха Аԥсны ақәа ӷәӷәӷа леит, аӡқәа хыҵит, афымцатә шьаҟақәа ааха роуит. Аԥхасҭа ӷәӷәа рынаҭеит Аҟәа, Гәылрыԥшь, Гәдоуҭа, Очамчыра араионқәа руааԥсыра.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Гәдоуҭа иахьаҵанакуа 300 рҟынӡа ҩны аӡы рыҵалеит ҳәа арадио Sputnik иазеиҭеиҳәеит араион ахада Баграт Боџьгәуа.

Ақәыршҩыи аӡхыҵреи: ԥхынгәы 26 ауыха иҟаз амшцәгьа аԥхасҭа ҟанаҵеит - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Еиҭах амшцәгьа: Аԥсны илеиз ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа

"Аҵх, асааҭ 1:30 азы иаалырҟьаны аӡқәа хыҵит. Усеиԥш ахаан исымбацызт. 300 рҟынӡа ҩны аӡы рыҵалеит. Замостианка, Гобечиа, Ешба амҩақәа, Араион ҿыц. Ауаа ашхәақәа рыла рынхарҭа иахыргон. Ихадароу ԥсыҭбара ҟамлеит", - иҳәеит Боџьгәуа.

Иара иажәақәа рыла ааха роуит асасааирҭа "Золотой якорь", атуробиект ааигәара игылаз атуристцәа рмашьынақәа. Аҭыԥантәи ауааԥсыра ҩыџьа рмашьынақәа амшын иагеит.

Иҟоу аԥхасҭа ахәшьара амам, аха уажәы аусура иаҿуп аинформациа еидызкыло аоперативтә штаб.

"Иҟоу аԥхасҭа аилкааразы ҩымшҟа ҳҭахуп. Хәылбыҽханӡа заанаҵтәи аинформациа еилкаахоит. Араион ахадара зегь рыхә азшәом, аха атәыла анапхгара ацхыраараз ҳрыҳәап.  Иҭабуп ҳәа расҳәоит АҶА аусзуҩцәа. Иахаахыс аусура иаҿуп", - азгәеиҭеит иара.

Уажәазы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп. Аԥсны АҶА ахада Лев Кәыҵниа иажәақәа рыла, араион ахь инашьҭуп Гагреи Аҟәеи рҟынтәи ацхырааҩцәа.

В Келасуре смыло 120-метровый напорный водовод  - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Ақәаршҩы ааха рнаҭеит Аҟәа ахәҭаки Гәылрыԥшь араиони ӡыла еиқәзыршәоз аӡыӡҭгагақәа

"Ақәаршҩы иахҟьаны Аԥсны акырџьара аӡқәа хыҵит. Аԥхасҭа иҟаҵәҟьоу атәы макьана изаауп аҳәара. Аиҳарак аԥхасҭа аиуит Гәдоуҭа араион. Иҟоуп ҩ-метрак рҟынӡа аӡы ахьышьҭыҵыз. 350 ҩны аӡы рыҵалеит, ацҳақәа хнахит. Гагреи Аҟәеи рҟынтәи ацхырааҩцәа адыԥхьалоуп. Иҟоуп аӡыржәтә  ахьыҟам.  Иҟоуп амашьынақәа рыла аԥслымӡ, агәамсам ахьықәҳаӡәӡәаауа", - иҳәоит Кәыҵниа.

АҶА аусзуҩцәа Аҟәа, Гәылрыԥшь, Очамчыра араионқәа рҿгьы аусурақәа мҩаԥыргоит.

Аԥсны аҳҭнықалақь аҿы амҩақәа Ҷанба, Шьиглова, Агрба, Ашәхәаҵаа рҟны аҩнқәа аӡы рыҵалеит. Очамчыра араион аҿы Дӷамшь аӡиас аамҭак ареспубликатә трассаҿы амҩасра аруадаҩит.

"Атәыла ахада ҭелла дсацәажәон, ҳамчқәеи ҳареи ҳаизхо ҳаизымхо дазҵаауан. Уажәазы амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ҳаиқәшәоуп", - иҳәеит Кәыҵниа.

Иара иажәақәа рыла уи азы мышқәак аҭахуп.

Ԥхынгәы 26-27 ауха Аԥсны ақәа ӷәӷәӷа леит, ашьхарахь аӡқәа хыҵит, аԥшацәгьа асуан. Зымчхара ҳараку афымцацәаҳәа "Бзыбь-220" ашьаҟақәа ҩба каҳаит, аӡхыҵра иахҟьаны Кьылашәыр аӡыҭгага станциақәа ҩба ааха роуит.

Ажәабжьқәа зегьы
0