Шәача амшцәгьақәа раан аполициа аусзуҩ иҭаацәеи иареи аӡы иагеит

© Sputnik / Олег Смеречинский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСочи затопило из-за проливных дождей
Сочи затопило из-за проливных дождей - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.07.2021
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 26 и 27 рзы арегион аҿы еиҭах иазыԥшуп ақәаршҩы, адыд-мацәыс рыҟалара ҳәа агәҽанҵаратә дырраҭара ыҟоуп.

АҞӘА, ԥхынгәы 27- Sputnik. Шәачатәи аполициауаҩ Алексеи Кожакини иԥшәмаԥҳәыси, жә-шықәса зхыҵуаз иԥҳаи аҽа ԥҳәыски аӡхыҵраан иҭахеит.

Ԥхынгәы 23 ауха Кожакин иҽазишәеит Мацеста ихыз ацҳала ақәсра. Ацҳа амаакырақәа амамызт. Ацҳа ахаҳәқәеи амахәқәеи ықәжьын.

ГУМВД адыррақәа рыла амашьына апассаџьырцәа руаӡәк ацҳа амахәқәа ықәигарц амашьына дҭыҵит, аха аӡы далаҳаит.

Аԥсҟы зкыз аполициа аусзуҩ иакәзар имашьына ацҳа иқәигарц далагеит, аха аӡы иқәнаӡәӡәааит. Аамҭақәак рышьҭахь амашьына апассаџьыр акыр инахараны аӡы далҵит.

Кожакин иԥсыбаҩ адырҩаҽны ирбеит. Иҭахаз аҳәса ҩыџьа автомашьына иҭан. Ахәыҷы лыԥсыбаҩ амшын иацәыхарамкәа ирыԥшааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0