АҞӘА, ԥхынгәы 30 - Sputnik. Лаҵара 1 аахыс Амшын еиқәа аԥшаҳәа иахьаҵанакуа COVID-19 зыхьыз х-нызқь ҩык ашәҟәы иҭагалоуп лҳәоит Краснодартәи атәылаҿацә аҿы Роспотребнадзор Аусбарҭа аепидемиологиатә хылаԥшреи, атранспорт аҿы ахылаԥшреи, асанитартә хылаԥшреи рыҟәша аҟазауаҩ-аексперт Татиана Межеваиа.
Ичмазаҩхаз рҟынтә 46-ҩык асанаториа-акурорттә усбарҭа аусуҩцәа роуп, 62-ҩык ԥсшьаҩцәоуп. Ииасыз амчыбжь иаҿырԥшны ачымазара 7,5% илаҟәит.
Ус шакәугьы атәылаҿацә аҿы амчыбжь аҩнуҵаҟа 1740 акоронавирус-хҭыс аҭыԥ рыман.
Межеваиа лажәақәа рыла ачымазараҿкы змоу реиҳараҩык абжьаратә шықәс иаҵанакуа роуп, аҵыхәтәантәи амчыбжь азы 17 шықәса рҟынӡа зхыҵуа 144-ҩык ахәыҷқәа ирыдырбалеит. Аҳәса 69% ыҟоуп.
Аиҳарак аҿкра шьҭыркаауан аҩны (30%), аусураҿы – 18%, анҭыҵынтә 17 хҭыс ыҟоуп.
Аԥсны аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 21735-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахахьеит 17434-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 304-ҩык.